Ашәҟәы «Иразу аҭоурыхқәа» аӡыргара мҩаҧысит.

Иахьа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ «Аинар» имҩаҧысит ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы «Иразу аҭоурыхқәа» аӡыргара. Ашәҟәы иаанарҧшуеит ацқьацәа рыҧсҭазаара, уи хаҭәаауп асахьаҭыхратә школ аҵаҩцәа рҭыхымҭақәа рыла.

Ашәҟәы аҩаӡара даара иҳаракуп, ахәыҷқәа рзеиҧш, аҭаацәа рзгьы даара иҳамҭа бзиоуп. «Ацқьацәа рҭоурых, рыҧсҭазааратә хҭысқәа дара рыбзазара хаҭәааны иаанарҧшуеит. Рыҧсҭазаара ҧшьахь агәашәқәа аадыртуеит, агәыӷра рымоуп аҧхьаҩцәа қәыҧшцәа рзы аинтерес ду аҵалап…» - ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәы аҧхьажәаҿы.

Ари апроект анагӡара алыршахеит еиуеиҧшым аиҿкаарақәа рыбзоурала, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Subscribe to Syndicate