Ашықәс ҿыц аныҳәа Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы

Иахьа, Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы, "Дом Москвы" аизарҭа азал аҟны имҩаԥысит ашықәс ҿыц аныҳәа. Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, иара убас алакәтә аҵани ахәыҷқәа рзы ирыздырхиеит аинтерес змоу, иеиуеиԥшым аконкурсқәеи, илахҿыху ашәақәеи рыла иҭәу апрограмма.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа зегьы иранаршьеит ашықәс ҿыҵтәи аҳамҭақәа.

Ари ашықәс ҿыц аныҳәа еиҿкаан "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ацхыраарала.

Subscribe to Syndicate