Аԥсуа ҭҵаара аинститут аиҳаб ҿыц далхуп Убри инамаданы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» адныҳәалара ҟанаҵеит.

Ҳаҭыр зқәу Арда Енвер-иԥа!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахьӡала, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аҭакԥхықәра ду зцу шәмаҵзураҿы аихьӡарақәа, аизҳазыӷьара. Ҳара ибзианы иаҳбарҭоуп шәара шәаԥсуара аԥҟарақәа шәрықәныҟәаны, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны хамеигӡарада аус шыжәуа. Агәра ҳгоит шәҩызцәеи шәареи шәеилибакааны, ҿыц шәнапы ианырҵаз аус ду анагӡараҟны, алҵшәақәа шаашәырԥшуа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа ируакуп ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рыдгылара. Убри инамаданы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла афонд аусура ҳәаақәҵоуп. Ҳара ҳганахь ала, ҳзеиԥш усқәа рынагӡараҟны еснагь адгылара ҳазыхиоуп. Мҩамш!

 

Subscribe to Syndicate