Аҵарадырратә центр «Академиеи» атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџьи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Иахьа, аҵарадырратә центр «Академиа»,   Ермантәылантәи аделегациа аднакылеит. Аделегациа  хадара азиуан атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Артур Варданиан. Аделегациа мҩаҧигон «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Ацентр «Академиа» анапхгаҩы Ирина Ҷкадуаҧҳа, Ермантәылатәи асасцәа «Бзиала шәаабеит»-ҳәа раҳәо инарҭбааны ирзеиҭалҳәеит аҵара процесс шымҩаҧысуа атәы. Еревани Аҟәеи рҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алацәажәеит аҧхьаҟатәи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа. Артур Варданиан, Ирина Ҷкадуаҧҳа  Ермантәылаҟа ааҧхьара лиҭеит  аҧышәа аимдаразы.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы, атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџьи, аҵарадырратә центр « Академиеи», акультуреи, аҵарадырреи рхырхарҭа аганахь ала аҧҟаҧҵәа рнапы аҵарҩит, иара убас аҧышәа аимдареи, еицырзеиҧшу апроектқәеи апрограммақәеи реицынагӡаразы азҵаатәқәа  ирзааҭгылеит. 

Subscribe to Syndicate