Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара имҩаҧысыз ахҭыс инамаданы, игәаанагара ааирҧшит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, Урыстәылеи  Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыҧ змоу аҭагылазаашьа, Аҧсны  ианымҧшырц залшом.  Арҭ ашықәсқәа зегьы, ҳара иаҳҳәоз акакәын:  Урыстәыла,  ҳара ҳзы астратегиатә, аекономикатә ҟазшьа змоу партниоруп, агәыларатә еизыҟазаашьа ҳабжьоуп, хырхарҭа рацәала адгылара ҳнаҭоит ҳәа. Убри аамҭазы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, хадара зуа аҩбатәи аекономикатә хырхарҭа змоу партниоруп.  Зегь раҧхьаӡа иргыланы, уа инхоит хыҧхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Владимир Путин инапы зҵаиҩыз аусҧҟа, Аҧсны аекономика ианымҧшырц залшом. Аӡәгьы изы имаӡам, Ҭырқәтәылеи ҳареи аус шеицаҳуа. Ҭырқәтәылеи  Аҧсынтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра иартәоит 200 миллион доллар. Аинвестициа  ҳахәаҧшуазар, Ҭырқәтәылантә, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа рыла  иаауа аинвестициа  еиҳа еиҳауп, Урыстәылантә аасҭа.  Иаҳҳәозар, ақыҭанхамҩа,  атуризм,  аҧсыӡ иадҳәалоу  аусмҩаҧгатә, абнатә нхамҩа  уҳәа, абарҭқәа зегь рҟны, ҳара иаҳбарҭоуп ҭырқәтәылатәи аинвестициақәа шырацәоу.  

2016шықәса, Ианвар 1 инаркны, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҟало авизатә режим, Аҧсны аекономика ианымҧшырц залшом.  Аӷбақәа зегьы, ҳара ҳахь иаауеит Урыстәылантәи.

Сара сгәы излаанаго ала, Урыстәыла аҳасаб аднакылар, ҭырқәтәылатәи аӷбақәа рбаӷәазахь аамышьҭра-уи ахатә гәанаагароуп иаанарҧшуа, иҟалаз аҭагылазаашьа ауп изыхҟьаз.  Аҧсны аекономика хьысҳауп, Тырқәтәылатәи абизнес ара иаҳаркыр, хымҧада афинанстә ҭагылазаашьа ианымҧшырц залшом. Астратегиатә партниорцәақәак раҳасаб ала, ҳара  ҳара ҳаицхыраароуп. Қырҭтәыла ҳара иҳаӷоуп, аҭынчразы аиқәшаҳаҭра ҳабжьаӡам. Аха, убри аамҭазы, Урыстәылеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра иацҵоуп.  Сара сақәшаҳаҭӡам, Аҧсны,  ҭырқәтәылатәи абизнес аанкылара аус.

Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рызҵаара ҭышәынтәалахап ҳәа. ИГИЛ-ари жәларбжьаратәи терроризмуп. Ҳара  ҳҳәаақәа ҳахьчароуп, ахылаҧшра ҳарӷәӷәароуп. Аҳәаа аркра-ари азҵаара азыӡбаӡом, Аҧсны аекономика аизҳара иахәаӡом.

Аӡәгьы издырӡом анаҩстәи аҭагылазаашьақәа рыҿиашьа. Уажәы, аинвесторцәагьы, абизнесменцәагьы аҧхьаҟа иҟало иазыҧшуп. Аҧсныи Ҭырқәтәылеи аиӷара рыбжьаӡам. Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра агха ду ҟарҵеит, уи азы аҭакҧхықәра раҧхьа ишьҭоуп. Ҳаизыҟазаашьа аанкылара, иҽеиу акахьы ҳкылнагом.  Асовет аамҭахьы ҳзыхынҳәӡом, ҳҳәаақәагьы ҳзаркӡом. Иҟоуп ауадаҩрақәа, урҭ ҳасабтәуп, уи азы иҟоуп адипломатцәа.

Сара, Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәа лассы-лассы срацәажәоит, аимадара ҳабжьоуп. Уадаҩра ҳәа акагь рымаӡам.  Иахьатәи аамҭазы, Ҭырқәтәыла, асанкциа ҳәа акагьы аднамкылаӡац Урыстәыла атәылауаа рганахь ала. Урыстәылатәи апаспорт ала, Ҭырқәтәылаҟа ацара  уадаҩра ҳәа акагь узцәырнагом.

Атерроризм иаҿагыланы ақәҧаразы, Урыстәылатәи Афедерациа ҳадгылоуп.  Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа анеиӷьымха, ҳәарада, Аҧсни Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа иахьымкьысырц залшом.

Subscribe to Syndicate