«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәеи Гәдоуҭа араион администрациа ахадеи реиҧылара мҩаҧысит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа зхадараҿы дыҟаз аделегациа Гәдоуҭа араион иаҭааит. Уи аилазаараҟны иҟан афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуеи. Имҩаҧысит Гәдоуҭа араион администрациа ахада Руслан Ладариеи афонд ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Иара убас, аизара лхы алалырхәит Гәдоуҭа араион аҿы иҟоу афонд ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа.

Сенер Гогәуа, Гәдоуҭа араион ахада инарҭбааны изеиҭеиҳәеит иара напхгара зиҭо афонд имҩаҧнаго аусура, аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкы, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус здыруло апроектқәа. Ҷыдала дазааҭгылеит асоциалтә ҟазшьа змоу аусмҩаҧгатәқәа ртәы.

«Ҳара ҳҿаҧхьа иқәгылоуп ҳауаажәлар рыбзазаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, уи азы аҭагылазаашьа бзиа рзаҧҵара. Излаҳалшо ала ацхыраара, адгылара рыҭара. Еиҳаракгьы азҿлымҳара раҳҭоит аҿар. Ҳара ҳапроектқәа  зегьы, ҳара ҳҭахрақәа рныҧшуеит»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Ахәҭакахьала, Гәдоуҭа араион администрациа ахада Руслан Ладариа дазааҭгылеит араион аҟны аҭагылазаашьа зеиҧшроу, иазгәеиҭеит асоциалтә уадаҩрақәа шыҟоу. Дрылацәажәеит аҧхьаҟатәи апланқәа ртәы, иара убас иҳәеит афонд имҩаҧнаго аусура адгылара шаиҭо.

Subscribe to Syndicate