Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала еиҿкаан «Аҧснытәи аҳәса-аусдкылаҩцәа» реидгыла аизара.

Иахьа, Аҟәа, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысит «Аҧснытәи аҳәса-аусдкылаҩцәа» реидгыла аизара. Уи аиҿкаара раҧхьаӡа акәны иаҧҵан 2002 ш. азы. Усҟан 11-ҩык аҳәса рыла ишьақәгылазтгьы, иахьа уи иалахәу рхыҧхьаӡара наӡоит 400-ҩык аҳәса рҟынӡа.

«Ишыжәдыруа еиҧш, аибашьра ашьҭахтьи ашықәсқәа рзы аамҭа уадаҩ ҳҭагылан, ҳауаажәлар аекономикатә блокада иҭакын. Ахацәа аҳәаа иахрыжьуамызт, аҳәса  аҭакҧхықәра ду рхахьы иргеит. Убасҟан сҩызцәа гәыҧҩыки сареи иҳазцәырҵит агәаанагара аҳәса еидызкыло еиҿкаарак аҧҵазарц. Ҳхықәкгьы наҳагӡеит. Хымҧада, уи аусура  апхьаҟа аҿиара амазарц ахәҭоуп»-ҳәа азгәалҭеит «Аҧснытәи аҳәса-аусдкылаҩцәа» реидгыла ахантәаҩы Иулиа Гәымҧҳа.

Ари аидгыла иабзоураны имаҷҩым абизнес  знапы алазкыз, уи амҩа ылызхыз, аҳәса-аусдкылаҩцәа.

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит аҳәса-аусдкылаҩцәа русура шымариам. Уи аџьабааду шацу. Иаҳҭахуп рнапы злаку аусқәа рҿы аихьӡарақәеи, ақәҿиарақәеи рымазарц. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» азыхиоуп хра злоу апроектқәа  адгылара рыҭара»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа.  

 Аизара рхы аладырхәит Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи 50-ҩык инарзынаҧшуа аҳәса-аусдкылаҩцәа. 

Subscribe to Syndicate