Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Тҟәарчалтәи реабилитациатә центр, хыҧхьаӡара рацәала аҳамҭақәа рыманы иаҭааит. Акондиционерқәеи, абзазаратә маҭәахәқәеи, хымҧада ацентр аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит.  Ацентр аҿы аус зуа зегьы, ахәыҷкәа иҷыдоу ахаҵгылара рырҭоит, рус бзиа ибаны иазнеиуеит. Араҟа иаҧҵоуп хыҧхьаӡара рацәала акружокқәа. Ахәыҷқәа ракәзар, ари аҭыҧ зегь реиҳа бзиа ирбо акакәны иҟалеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» агәабзиарахьчара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара анаҭоит»-лҳәеит асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа.

Иахьатәи аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, афонд  аусзуҩ Мақсим Ӷәынџьиа. 

Subscribe to Syndicate