Аусеицзуразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аинвестициатә маҵзуреи, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» рыбжьара

аусеицзуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит:

ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, агәыҳалалратә  хырхарҭақәа рыла, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициа адыҧхьалареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә усзура аизырҳареи рзы.

Аганқәа еиқәшаҳаҭны аинформациа еимырдоит рзеиҧш проектқәеи, рпрограммақәеи рынагӡаразы (аконференциақәа, афорумқәа, аҳәаанырцәтәи аныҟәарақәа, аиҧыларақәа, ацәыргақәҵақәа, астол гьежьқәа уҳәа).

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, иазҧхьагәаҭоуп аҧхьатәи ашьаҿа. Ашықәс нҵәаанӡа, Аҧсны аекономика аӡыргаразы аганқәа рхаҭарнакцәа аҳәаанырцәҟа ицоит. Уи азы апрограмма аус адулара хацыркуп. 

 

Subscribe to Syndicate