Аусуратә Форум «Аҧсны - Шьаҿак Ҧхьаҟа!»

Иуль 28, асааҭ 11:00, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысуеит «Аҧсны –шьаҿак ҧхьаҟа» захьӡу аекономикатә форум. Афорум рхы аладырхәуеит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, абизнес-лидерцәа, аекспертцәа.Уи хықәкыс иамоуп хҭәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиара амҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара, урҭ рымҩақәҵара. Афорум шьақәгылоуп хыхәҭакны: ақыҭанхамҩа, атуризм, аҳәаахәҭра. Афорум еиҿкаауп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарарла.

Афорум зхы алазырхәырц агәаҳәара змоу, апрограмма инарҭбааны еилызкаарц зҭаху зегьы, шәҳадҵааларц шәылшоит абри аҭел ааномер ала: 226-97-77, мамзаргьы mail: apsny.fund@gmail.com.

Subscribe to Syndicate