ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара. Аилатәараҟны иалахәын Аҧсны ареабилитациатә центрқәа зегьы рнапхгаҩцәа, Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҳабы Игорь Џьопуа, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аиҳабы Мактина Аџьынџьал, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарратә хшараиурҭа аҳақьым хада Белла Ԥлиа.

Аилатәара амҩаҧысраан иҟаҵан 2019 шықәса рзы имҩаҧгаз аусурақәа реихшьаалақәа: Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа, аҵыргәа-ныҟәаратә аппарат ачымазара змоу ахәыҷқәа аоперациақәа рзымҩаҧыргаларц иаҭаху амаҭәахәкәа рыла аиқәыршәара; амедицинатә усзуҩцәа рҧышәа , рдыррақәа аизырҳаразы аҳәаанырцә рдәықәҵара; Аҳәынҭқарратә реабилитациатә центрқәа зегьы еснагьтәи ацхыраара рыҭара; аҧышәа ду змоу, здырра ҳараку, Ермантәылантәи аҳақьымцәа ареабилитациатә центрқәа изхылаҧшуа ахәыҷқәа ргәаҭара амҩаҧгара; аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара уҳәа уб. иҵ.

Иара убас аилатәараҟны иазгәарҭеит ақалақь Гагра аҟны ахәыҷтәы реабилитациатә центр аартра. Ацентр аиҳабы Виолетта Гагәылиа дырзааҭгылеит  имҩаҧысуа аҽазыҟаҵарақәеи, рҿаҧхьа игылоу апроблемақәеи рызҵаарақәа.

Анаҩс, аилатәараҟны иазгәаҭан иааиуа ашықәс ҿыц азы ареабилитациатә центрқәа рчымазаҩцәа рзы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара. Хәҭакахьала, ҳара ҳфонд, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа зегьы рчымазаҩцәа ирызнархиеит 600 инареиҳаны ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа.

Subscribe to Syndicate