ДЦП ачымазара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә гәыҧ аиҧылара мҩаҧысит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит ДЦП ачымазара иадҳәалоу,  изаамҭанытәиу аусуратә гәыҧ аилатәара. Уи иалахәын «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә политика аҟәша анапхгаҩы  Иулиа Гәымҧҳа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр адиректор Виолетта Гагәылиаҧҳа,  Аҧсны Ареспублика апедиатор хада Ада Абыхәҧҳа, ареабилитациатә центр «АИС» адиректор Алхас Ҭхагәшев, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ахаҭарнак Мактина  Џьынџьалҧҳа,  Аҟәатәи ахшараиурҭатә ҩны аҳақьым хада Рита Ҭраҧшьҧҳа, асоциологиаҭҵааҩы    Џьемре Жаде.

Аиҧылара аҟны инарҭбааны ирылацәажәан зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭара иазку апроектқәа. Ахәҭакахьала иазгәаҭан,  акадрқәа реиҵааӡареи, аҧышәа аимдарази рзы аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәа Аҧсныҟа рааҧхьара. Абри аус инамаданы иазгәаҭоуп аконференциақәеи, асеминарқәеи рымҩаҧгара, иара убас  ари аҩыза адиагноз змоу ахәыҷқәа  рыцхыраара иазку  апроектқәа  рынагӡара.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҩаҧхьа иацнаҵоит зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр излалшо ала ацхыраареи, адгылареи аҭара.

Ишәгәалаҳаршәоит, ааигәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 330 цыра аортопедиатә хчқәа аинвалидцәа  рзы ацентр ҳамҭас ишанаҭаз.  

Subscribe to Syndicate