ДЦП апроблема иазкны аусутә гәыԥ реиԥылара

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  аусбарҭаҿы имҩаԥысит ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы аусуратә гәыԥ алахәцәа реиԥылара. Уи рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу ареабилитациатә  центрқәа зегьы.

Ахәҭакахьала ирзааҭгылан ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара азҵаатәқәа,  иара убас ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы  хра злоу абаза аԥҵара.

Аматериалтә уадаҩрақәа инарҷыданы, иҟоуп апроблема зыҩаӡара ҳараку атерапевтцәа рыҟамзаара аганахь алагьы. Лассы-лассы ас еиԥш ачымазара змоу ахәыҷқәа Аԥсны анҭыҵ рҽырхәышәтәуеит,  уи иацуп ахарџьқәа.

Иара убас, иҟоуп  згәабзиара ԥку аәыҷқәа маҷҩымкәа. Аҭаацәарақәа жәпакы урҭ ареабилитациатә центрқәа рахь инаргом, ашәҟәы иҭаргалом.

Иҟоуп  ахатәы мчқәа рыла зыӡбара алшо ауадаҩрақәагьы.  «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» имҩаԥнаго апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩаԥхьа иацнаҵоит Аԥснытәи ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара.

Акырӡа аҵанакуеит згәабзиара ԥку ауаа рзы аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара иазку апрект аиҿкаара. Хымԥада ирыцҵатәуп  арҵараратә курсқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла  ауаа аԥышәа ахьроуша.

Subscribe to Syndicate