Дырмит Гәлиа диижьҭеи 144 ш. ҵит

Дырмит Гәлиа-иналукааша аҧсуа литература аклассик, апоет, апрозаик, аҭоурыхдырҩы, аетнограф, афольклорист, абызшәаҭҵааҩы.

Аҧсуа литература ашьаҭа зкыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ари ауаҩ ду  илагала акырӡа иӷәӷәоуп. Аҧсуа анбан аҧҵарала, адунеи зеиӷьыҟам аҧҵамҭақәеи, арҿиамҭақәеи, ажәеинраалақәеи, апоемақәеи  ҳамҭас иаиҭеит. Иаҳҳәозар, «Атәым жәҩан аҵаҟа», «Камаҷыҷ», «Аповестқәа хҧа» уҳәа егьырҭгьы, аҧсуа жәлар ркультура, рҭоурых, рқьабзқәа ганрацәала иаанарҧшуеит.

Алитературатә усура инапы аналыкыз аамҭазы, Дырмит Гәлиа дырҧылахьан  А.Толстои,  А. Фадеев, А. Исаакиан, В. Шишков, М. Рыльски, М. Бажан, П. Тычина, М. Џьавахишвили, Г. Табиӡе, Н. Тихонов, К. Федин уҳәа аӡәырҩы.

Дырмит Гәлиа агәра игон , ажәлар маҷ алитература дуи, адоуҳатә беиареи  рымазарц шрылшо, уиала аҭоурых аҿы ажәлар рхаҭара ашьақәыргылара алшарц шыҟало.

Иахьа, Дырмит Гәлиа иҩны амузеи аҟны, ҩаҧхьа ауаа рацәа еизеит. Урҭ рахьтә иҟан ауаажәларра рхаҭарнакцәа, абызшәаҭҵааҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, хаҭала иара дыздыруаз.  Иалацәажәон ирҿиара, аҧсуа бызшәеи алитературеи иахьатәи аҭагылазаашьа. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, иахьатәи аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит.

Subscribe to Syndicate