Џьеффри Монсон «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа даҭааит

Еицырдыруа Америкатәи Урыстәылатәи ақәҧаҩ Џьеффри Монсон, Иахьа, Аҧсны имҩпаҧысраны иҟоу еилаҧсоу аиқәҧаразы  аиндаҭлара иалагаанӡа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа даҭааит  еицырдыруа  Америкатәи Урыстәылатәи ақәҧаҩ Џьеффри Монсон. «Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» Џьеффри Монсон, ҳтәылеи уи иқәынхо ҳауаажәлари ацхыраара рыҭара дшазыхио ала ажәа иҳәеит.   Аҟыбаҩ ҷыда змоу аспорт азҟаза Џьеффри, ҟазшьала ауаҩы дизааигәоуп. Иара агәыҳалалратә усқәа инапы рылакуп, занааҭла хәыҷтәы ҧсихологуп. Лассы-лассы ацхыраара аиҭоит акьыба чымазара зыхьуа Урыстәылатәи ахәыҷқәа рцентр, иара убас ахәыҷтәы ҩнқәа.

Аспорт аҿиареи, ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчареи рзы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Џьеффри Монсон агәаҳәара ааирҧшит афонд адгылара аҭара. Џьеффри Монсон, иахьа афонд ахь аҧаратә лагала ҟаиҵеит ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы анаҩстәи апроектқәа рырҿиаразы.

«Сара исылшо зегьы ҟасҵарц сҭахуп адунеи иқәынхо ауаа Аҧсны заку дырдырразы.  Шәфонди сареи аусеицура ҳабжьазарц сҭахуп, сгәы иаанагоит ахәыҷқәа рыцхырааразы еицаҳзеиҧшу апроектқәа рынагӡара шҳалшо» - иҳәеит  Џьеффри Монсон.

«Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, Аҧсныҟа иааз ҳаҭыр зқәу асас ибара деигәырӷьо иазгәеиҭеит:

«Аспорт аҿиареи ауаа рыцхыраареи аусқәа рҟны шәлагалазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәара иаашәырҧшуа ацхыраара ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иара убас, ҳфонд имҩаҧнаго аусурақәа адгылара ахьрышәҭо даараӡа ицхыраагӡаны ҳахәаҧшуеит. Агәра згоит ҳаимадареи, ҳусеицуреи  аҧхьаҟа рыҽшдырӷәӷәо»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы, Сенер Гогәуа, Џьеффри Монсон, аҳамҭақәа ианеишьеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҟамеи ахҭырҧа шкәакәеи.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Џьеффри Монсон, афонд ахь иҟаиҵаз алагалазы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит.

Subscribe to Syndicate