Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» агәабзиарахьчара ахырхарҭала еицымҩаҧырго апроектқәа руак инақәыршәаны, февраль 27 рзы, Аҧснынтә  Ермантәылаҟа идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа аҩбатәи агәыҧ. Уи иалахәуп: 12 ш. зхыҵуа Даниель Ԥачлиа, 13ш. зхыҵуа Амина Бигәааҧҳа, 6ш. зхыҵуа Леуан Папазиан, 12ш. зхыҵуа Камила Бениаҧҳа. Ахәыҷқәа аоперациа рзыҟаиҵоит Ермантәылатәи Ареспублика зыхьӡ нагоу аҳақьым, ахәыҷтәы ортопед-атравмотолог.  Ахәыҷқәа ихымҧадатәиу аоперациа шырҭаху атәы рҳәеит, ҵыҧх, ноиабр мзазы Ермантәылантәи Аҧсны  иаан иҟаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» абзоурала , хәыда-ҧсада  агәаҭарақәа мҩаҧызгоз аҳақьымцәа.

Сынтәа ҩынтәуп, Ермантәылатәи амедицинатә центр аҟны ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рҭаацәа рыцны ҽыхәышәтәра ицоижьҭеи. Аоперациа анаҩс, ҩымчыбжь иреиҵамкуа ахәыҷқәа ахәышәтәырҭаҿы иҟазаауеит. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа рхахьы иргеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи». 

Subscribe to Syndicate