Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анаҩс, ахәыҷқәа ргәабзиара еиӷьуп.

Иуль мза, 2016 ш. рзы, Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа зызуз ахәыҷқәа рҭаацәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит. Ереван ақалақь аҿы ахәыҷқәа рыхәышәтәра алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» рыбзоурала.

Аҭаацәа, афондқәа рыҩбагь рхаҭарнакцәа имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәарҭеит, акыр иаагәауҭаратәы ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ишацхрааз.  Ҷкотуа   Азамаҭ иакәзар, акырӡа еиӷьны  аныҟәара далагеит аҳақьымцәа имҩаҧыргаз аоперациа анаҩс.

Агәабзиарахьчара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧснынтә Ермантәыла ахәыҷқәа рыхәышәтәра ҩаҧхьа иацҵоуп. Ԥачлиа Даниел, Бениа Камила, Бигәаа Амина аоперациа рызуп. Ахәыҷқәа рхы бзианы ирбоит. Папазиан Леуан иакәзар, ареабилитациа дахысуеит, иаарласны ҷыдалатәи аортезқәа изыҟаҵахоит.

Ас еиҧш иҟоу ацхыраара ахәыҷқәа ироуамызт Ермантәылатәи аҳақьымцәеи, аҩызцәеи ракәымзар. Урҭ Аҧснынтә ахәыҷқәа гәыблыла ирҧылеит, ирылшоз зегьы ҟарҵеит ахәыҷкәа рхы бзианы ирбарц азы.

Subscribe to Syndicate