Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» зхылаҧшуа ахәыҷқәа Амир Џьигаеви, Амина Бигәааҧҳаи, иахьа, рҽыхәышәтәра иацырҵац Ермантәылаҟа ицеит.

Амири Аминеи изныкымкәа Ермантәыла аҽыхәышәтәреи ареабилитациеи ирхысхьеит, узықәгәыӷша алҵшәақәагьы аадырҧшуеит. Хымҧада, ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа аҭаацәа агәалаҟазаара бзиа рнаҭоит.

Изныкымкәа Аҧсныҟа иаахьаз аҳақьымцәа ирыбзоураны, насгьы хәыда-ҧсада имҩаҧыргоз агәаҭарақәа ирылҵшәаны, арҭ ахәыҷқәа алшара роуит аҧхьаҟа аҽыхәышәтәразы. Зыӡбахә ҳәоу акциа еиҿкаахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» рхахьы иргеит агәабзиарахьчаратә центр аҟны ахәыҷқәа рыхәышәтәра иадҳәалоу ахарџь.  Аоперациа анаҩс, ахәыҷқәеи аҭаацәеи ҩымчыбжьа ахәышәтәырҭаҿы иҟазаауеит.

Subscribe to Syndicate