Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит

Ермантәылантәи Аԥсны иаҭааз аҳақьым-аортопед  Овсеп Даниелиан хәымш ирылагӡаны 70-ҩык ДЦП ачымазара змоуи, иара убас егьырҭ ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Агәаҭарахь инеиз ахәыҷқәа рахьынтә иҟан аҳақьым раԥхьаӡа акәны згәаҭара мҩаԥигоз. Иҟан иара убас егьырҭ Овсеп Аветик-иԥа уаанӡа аоперациа  ззиухьаз ачымазаҩцәагьы. Урҭ ргәабзиара шеиӷьхаз иаразнак иубарҭан.

Имҩаԥгаз амедгәаҭарақәа ирылҵшәаны , фҩык ачымазаҩцәа аоперациа рзыҟаҵатәуп ҳәа иалхын. Урҭ рахь ԥшьҩык Логинӡиа Давид- 10 шықәса, Кротова Евангелина- 8 шықәса , Гәогәусаниаԥҳа Милана, иара убас Гукасиан Давид, аоперациақәа маншәаланы ирзыҟарҵеит . Уажәтәи аамҭазы ахәычқәа Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҟны иҟоуп. Уаҟа аҳақьымцәа ахылаԥшра рырҭоит . Аоперациақәа мҩаԥыргоит аҭыԥантәи аԥҟаҩцәа - Джонуа Игори Мархолиа Гиеи рыцырхырааны. Зыӡбахә ҳамоу апроект  "Агәабзиара" аҿиара аиуит Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи"  акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" русеицзура иабзоураны.

Иара убас ачымазара зманы иҟоу ахәыҷқәа Ермантәылаҟа имцакәа  Аԥсны аоперациақәа рзымҩаԥыргарц азы, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи " аилахәыра "Биофарми"  Ростовынтәи иаархәеит иҷыдоу аиқәыршәага. Ари аиқәыршәага ҳамҭас инашьҭын Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь. Апроект  "Агәабзиара" аусура иалагеижьҭеи Ермантылантәи аҳақьымцәа агәаҭарақәа рзымҩаԥыргеит  400-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа. Урҭ рахь 17-ҩык  аоперациақәа рзыҟаҵан, иара убас еиқәыршәан аортезқәа рыла.

Subscribe to Syndicate