Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит

Апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Ермантәылантәи  Аҧсныҟа даарыҧхьеит ортопед, иара  ДЦП ачымазара змаз хҩык ахәыҷқәа аоперациа рзыҟаиҵеит.
Аоперациа мҩаҧысуан Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы.  Аҭыҧантәи аҳақьымцәеи ермантәылатәи аҳақьыми еицыҟарҵаз аоперациа,  хымҧада  ахәыҷқәа рзы акыр ихәарҭоуп , иара убас аусеицзура ахырхарҭала алҵшәақәа аанашьҭуеит.
"Сара иазгәасҭарц сҭахуп аҭыҧантәи аҳақьымцәа рпрофессионалтә ҩаӡара аҳаракыра"-иҳәеит ермантәылатәи аҳақьым.
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа, асас ҭабуп ҳәа иеиҳәеит еицымҩаҧырго аусуразы, ироуа аҧышәазы.
Иҳаҩсыз ашықәсазы Аҧснынтәи ахәыҷқәа Ермантәыла аоперациа рзыҟарҵеит, уи аусура иацҵан анаҩс. Аоперациа зызуз Николь Хачатуриан, Амир Џьагаев, Алиас Барзаниа уажәы  ареабилитациа иахысуеит, агәыӷра ыҟоуп рхала рхы иахәо иҟалап ҳәа.
Убри инаҷыданы аҳақьым,  Гәдоуҭатәи,  Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа рҿы ДЦП ачымазара змаз ахәыҷқәа агәаҭарақәа  ирыхижьит. Урҭ рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Subscribe to Syndicate