Ермантәылантәи Аҧсныҟа иааз аҳақьымцәа русура аихшьаала ҟарҵеит.

Иун 13 инаркны 16-нӡа, Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы имҩаҧысуан ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа. Урҭ рыдыркылон Ермантәылантәи иаан иҟоу зҟазара ҳараку, Ереван иалкаау ахәышәтәырҭатә клиникақәа рҿы аус зуа аҳақьымцәа. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп:  ахәыҷтәы ортопед-атравмотолог хада Овсеп Даниелиан, ахәыҷтәы неврологиатә кафедра аҟәша анапхгаҩы Асмик Даниелиан, ахәыҷтәы реабилитолог Гаиане Захариан. Аделегациа  напхгара алҭоит Ермантәылатәи аҳәса-аусдкылаҩцәа  рыцхырааразы аилазаара ахада Лилиа Геворгиан.

Аҳақьымцәа хымш ирылагӡаны имҩаҧыргаз аусурақәа рыхҳәаа ҟарҵеит аҭыҧантәи аҳақьымцәа алархәны.  Дара ражәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы, амедицина аусура, ахәышәтәышьа аметодқәа акырӡа рҽырыҧсахит, иҿыцу аҭҵаарақәа цәырҵуа иалагеит, уи хымҧада акырӡа ицхыраагӡоуп ауаҩытәыҩса ииашаны ихәышәтәразы. Хымш ирылагӡаны, аҳақьымцәа ирылдыршеит 300-ҩык, згәабзиара ҧку ахәыҷқәа ргәаҭара, ирыхьуа ачымазара аҭҵаара,  рҭаацәа абжьгарақәа рыҭара, аҭыҧантәи аҳақьымцәа ракәзар, рҧышәа рымадара. Ирҳәеит ахәышәтәышьа аганахь ала, Аҧснытәи аҳақьымцәеи дареи аиҧшымзаарақәа ахьрымоу шыҟоу.

Асеминар зхы алазырхәыз Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кациа, Ермантәылатәи аҳақьымцәа ҭабуп  ҳәа реиҳәеит имҩаҧыргаз, хра злоу русуразы. Зхы иамыхәо ахәыҷқәа гәцаракрыла рызнеира, ирықәнагоу ахылаҧшра,  ахәышәтәра  рыҭара, иҧшьоу акакәны ишыҧхьаӡоу. Агәыӷра ааирҧшит аҧхьаҟагьы ҳусеицура аҳәаақәа рыҽшҭырбуаа.

Ермантәылатәи  аҳақьымцәа Аҧсныҟа раара аҧшьызгаз, уи афинанстә цхыраара азҭаз «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», аҧхьаҟагьы агәы иҭоуп, агәабзиарахьчара ахырхарҭала аусқәа рырҿиара.

 «Агәабзиарахьчара  иадҳәалоу ауснагӡатәқәа реиҿкаара, афонд ахықәкы хадақәа ируакуп. Ҷыдала ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа аҭыҧан ареабилитациа рахысразы аҽазышәарақәа мҩаҧаҳгоит, аҳақьымцәа иахәҭоу аҧышәа роурц азы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара ҳашьҭоуп.  Урыстәылатәи аҳақьымцәеи ҳареи аимадарақәа ҳабжьоуп. Шәара Аҧсныҟа ишәаҳҭаз ааҧхьара шәыбжьы ахьақәшәыргаз, шәус  ҭакҧхықәрала шәахьазнеиз ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Аҧхьаҟа ҳаимадара иҵегьы ишыӷәӷәахо агәра ҳгоит »-иҳәеит Сенер Гогәуа. 

Subscribe to Syndicate