Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны», ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩынтәуп Ермантәылантәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа ааԥхьара рырҭоиожьҭеи. Раԥхьа аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара аналыршаха, хтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтә дара ирыдыркылеит  згәабзиара уашәшәыроу 300-ҩык ахәыҷқәа. Уи анаҩс, аҳақьымцәа имҩаԥыргаз амедицинатә гәаҭара иабзоураны, ԥшьҩык Аԥснытәи ахәыҷқәа Ермантәылаҟа аоперациа аҟаҵара идәықәҵан. Урҭ  ирыдҳәалаз ахарџьқәазегьы рхахьы иргеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи».

Арҭ амшқәа рзы, Ермантәылантәи иаан иҟоу аҳақьымцәа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ҩаԥхьа ирыдыркылоит Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы поликлиникаҿы. Аҟәа  агәаҭарақәа  мҩаԥысуеит ҩымш, иаци иахьеи. Абҵарамза 23 рзы, уаҵәы, Ермантәылатәи аҳақьымцәа, ахәыҷқәа рыдыркылоит   Очамчыра ақалақь аҟны. Уахь инеирц рылшоит Гали, Тҟәарчали араионқәа рҟынтә згәы бзиам ахәыҷқәа.

Аҳақьымцәа ргәаҭарақәа рнаҩс, аизараҿы ирыдыркыло аӡбамҭа инақәыршәаны, ихымԥадатәиу аоперациа зҭаххо ахәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни», афонд «Ашанеи»  рыбзоурала, ҩаԥхьа Ермантәылаҟа аҽыхәышәтәра идәықәҵахоит. 

Subscribe to Syndicate