Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи рфорум

Лаҵарамза анҵәамҭазы,  Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи реизара.  Аҧснынтә  уи далахәын "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнак занааҭла економисту Алиас Ҳашба. Евразиатәи афорум хықәкыс иаман абиҧара ҿыц реидкылара. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ажәларқәа реиҩызара, аменеџьмент азы амастер классқәа рымҩаҧгара, иара убас  аизыҟазаашьақәа рзы адыррақәа рыҭара.

Алиас Ҳашба, афорум аусура  алкаақәеи алҵшәақәеи дырзааҭгыло иазгәеиҭеит:

«Урыстәыла ажәларқәа Аҿар Рассамблеиа  аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҳҩит. Аусеицуразы аицәажәара ҳабжьаҳҵеит абас еиҧш иҟаз атәылақәеи ҳареи: Сербиа, Босниа, Герцеговина, Киргизиа, Германиа, Казахстан. Анаҩстәи ашьаҿақәа реицыҟаҵаразы аимадара ҳабжьаҳҵеит.  Евразиатәи ассамблеиа аофициалла партнорс иамоуп Россотрудничество. Хымҧада, агәаҳәара сызцәырҵит ас еиҧш иҟоу аиҿкаара ахаҭарнакцәа аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа Аҧсны еиҿыркааларц»-иҳәеит Алиас  Ҳашба.

 Москва ақалақь аҿы  имҩаҧысуаз Евразиатәи ажәларқәа рфорум ахь  Аҧснынтә уахь ацара алыршахеит  ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраарала. 

Subscribe to Syndicate