Гал араион аҟынтәи аҵаҩцәеи, ансамбль «Ингәыр» алахәцәеи аҧсшьаратә мшы рзеиҿкаан.

Гал араион аҟынтә ашкол аҵаҩцәа, ахореографиатә ансамбль «Ингәыр» алахәцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ирзеиҿнакааит аҧсшьаратә мшы. Афонд ахада Сенер Гогәуа иааҧхьарала, дара аҭааит Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа,  ҷыдала Афон  ҿыцтәи аҳаҧы. Аҵаҩцәа рзы уи акрызҵазкуаз хҭысын.  Иҟан урҭ рахьтә, раҧхьаӡа акәны ас еиҧш иҟаз алшара змаз,  дара ирбаз-ираҳаз ҳәарада ихнамхырц залымшеит. Амш аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Аҵаҩцәа рҟазара, рыкәашара, рышәаҳәара збаз зегьы, еиҳаракгьы  Аҧсны иаҭааз аҧсшьаҩцәа  акыр иџьаршьеит. Амш аҩбатәи азбжазы,  аҵаҩцәа ргәаҳәара нагӡан. Афон ҿыц ирзеиҿкаан амшын ахь аныҟәара.  Ас еиҧш аныҳәа ззеиҿкааз аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит.  Афонд ахада Сенер Гогәуа иакәзар иазгәеиҭеит, аҿар рзы аҧхьаҟа ирылшо ауснагӡатәқәа зегьы шеиҿыркаало, аҧхьаҟа реимадара еиҳагьы аҽшарӷәӷәо. 

Subscribe to Syndicate