Гал араион ашкол хәыҷқәа рыбжьара аҧсуа бызшәазы аицлабра мҩаҧысит.

Embedded thumbnail for Гал араион ашкол хәыҷқәа рыбжьара аҧсуа бызшәазы аицлабра мҩаҧысит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз аделегациа Гал араион иаҭааит. Уи аилазаараҿы иҟан: акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа, аҧсуара ахеилак аиҳабы Оқтаи Ҷкотуа, афонд аменеџьер Сабина Быҭәҧҳа, иара убас афонд ахьӡала Гал араион ахаҭарнак Есма Ҭарҧҳа. 
Аиҧылараҿы Гал араион ахада Ҭемыр Нодараиа дазааҭгылеит араион аҭагылазаашьа зеиҧшроу, еиҳарак зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара шырҭахәу. 
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" еиҧш иҟоу аиҿкаарақәа рҟынтә ажәлар ироуа ацхыраара хәарҭара дууп. Шәара шәфонд аусура аӡбахә даара ибзианы иҳаҳауеит, ахә ҳаракны иаҳшьоит. Еиҳараӡакгьы аҧсуа ҭаацәарақәа рахь иаашәырҧшуа ацхыраара, агәыҳалалра акырӡа аҵанакуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусура азы"-иҳәеит Гал араион ахада Ҭемыр Нодараиа.
Афонд ахаҭарнакцәа Гал араион ахь рцара хықәкыс иаман Гал араион аҵара аҟәша, ашкол аҵаҩцәа рыбжьара аҧса бызшәазы еиҿнакааз аицлабра. Уи рхы аладырхәит Галтәи ашколқәа фба. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан фноменациак рыла-аҩра, ажәеинраалақәа ҿырҳәала рыҧхьара, атеатралтә қәгылара. 
Аицлабраҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа ирыҧсахеит: Каталанӡиа Гога-ахеицлабрак рҿы аиааира игеит. 
Миқаа Анна, Мархәылиа Тома, Галтәи актәи ашкол-атеатралтә қәгыларақәа рҿы аҧхьахәтә ҭыҧ иаҧсахеит.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа, аицлабраҿы аиааира згаз, агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранаршьеит. Гал араион аҵара аҟәша акомпиутер ҳамҭас иарҭеит. 
"Ас еиҧш иҟоу аҟазара злоу ахәыҷқәа ахьаҳбаз, агәахәа ду алаҳхит. Даҽазныкгьы агәра ҳгеит, ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа агьама дыркра шаҭахыу. Убри азы афонд ахахьы иагоит, аҧсуа бызшәа иахьахысуа Галтәи ашколқәа фбеи, аколлеџьи техникала реиқәыршәара. Иара убас, афонд ахьӡала Галтәи ахәыҷтәы ансамбль афинанстә цхыраара аҳҭоит"-иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа.

Subscribe to Syndicate