Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа агәманитартә цхыраара рыҭоуп

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ҩба агәманитартә цхыраара рзынанашьҭеит. Акыраамҭа ҵуеит Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр аӡҭарчы ишахәҭоу еиҧш аусуразы иҷыдоу амаҭәахә рымамижьҭеи. Иахьа, ҳфонд алахәыла - аилахәыра «Биофарма» абзоурала иаахәан зыхә ҳараку аӡҭарчы азы аҳауа аҭарбага. Иара убас, Гәдоуҭатәи ацентр «Асаркьал» ахь ҳамҭас инашьҭын ацентр ахәмарратә уада аиқәыршәаразы ауарҳал хҟьақәеи, афитнес мпылқәеи.

Subscribe to Syndicate