Гәылрыҧшь араион Бабышьра ақыҭа инхо Дочиа Илиа Шәлиман-иҧа 100 шықәса ихыҵит.

Аҧсуаа еснагь ражәа иалоуп  «Аҧсуа иқәра ду  нуҵааит», «Аиҳабы дызмам Анцәа димам»  ҳәа.  Ԥсабарала иуаҩы аамысҭашәоу, ауаҩ нага ҳәа ззырҳәо Илиа Шәлиман-иҧа  100 шықәса ихыҵит. Уи аҳаҭыр азы  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Нугзар Логәуа, Оқтаи Ҷкотуа, Демиан Гогәуа, Мџьыҭ Гогәуа абырг аҳамҭақәа рыманы изнеит. Ҳәарада, ари ахҭыс иара гәахәала идикылеит.   Агәамч-агәабзиара изеиӷьаршьеит.

«Аҧсуаа жәытә-натә аахыс атәым милаҭ изларыламҩашьоз, рыхьӡ зларҳәоз  рхатә ҷыдарақәа рыман.  Убарҭ ируакуп- Ақәра нҵыра ду. Шәара шәылаҧш ахара инаӡоит, шәдоуҳамч ӷәӷәоуп. Агәыцқьареи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи шәыманы Адунеи шәақәлахааит! Акыр шықәса ҩаҧхьа шәҳагымзааит!»-ҳәа азгәаҭоуп Сенер Гогәуа  абырг ихьӡала инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

 Афонд ахаҭарнакцәа изларҳәо, абырг игәы бзиоуп, агәашьамх иҵоуп. Нугзар Логәуа, Илиа Шәлиман-иҧа диазҵааит : «Абас еиҧш шәықәра иаҵаҵәаху амаӡа ҳзаашәыртуама?»-ҳәа. Иара аҭакс иҳәеит: «Сара сышьхауаҩуп, 60 шықәса шьхала сааӡоуп. Сыҧсҭазаараҿы избахьоу ацәгьеи абзиеи рацәоуп, аха макьана сгәыразра саанагозшәа сбоит. Аҧсуа  дахьыҟазаалакгьы ҧсуаҵас ихы ныҟәигозароуп, ҳара ҳҵасқәа ҳрықәныҟәалар, аҿар идмырӡыр, уи еиӷьу ҧсҭазаара ҟалом. Аҧсуа ичеиџьыка, иламыс ишақәнагоу иныҟәугар, иаргьы уныҟәнагоит. Ҳажәлар аизыразра рыманы, рҳәоу еиқәшәо, иныҟәибаго иҟалар сҭахәуп» - ҳәа дцәажәон иажәа раӡо абырг  бзиа Илиа Дочиа.

Аныҳәаҩ ихы идиныҳәалартә еиҧш иҟоу ауаҩы, зыхшареи, змаҭацәеи рыла  згәы ҭыгоу Илиа Шәлиман-иҧа, изнеиз асасцәа ҷыдала пату рықәиҵеит. Досу изнеишьа дақәшәон, ихәҭаз ажәа иҳәон.

«Шәара шәаара мацара сара сзы иҳамҭа дууп. Сара инысҵыз аҟара ҩба нышәҵааит. Шәӷьацааит! »-абас, иныҳәаҧхьыӡқәа нҵәара рықәмызт Илиа Шәлиман-иҧа!

Subscribe to Syndicate