Хәажәкыра 13, 2018ш, рзы, Аҟәа имҩаҧысит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рфорум.

Embedded thumbnail for Хәажәкыра 13, 2018ш, рзы, Аҟәа имҩаҧысит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи  икоммерциатәым аиҿкаарақәа рфорум.

Хәажәкыра 13, 2018ш, рзы, Аҟәа имҩаҧысит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи  икоммерциатәым аиҿкаарақәа рфорум. Афорум ахықәкы:   ауаажәларратә еиҿкаарақәа рзы  ихаҭәаау аинформациа  ажәлар рыҭара, икоммерциатәы аиҿкаарақәа русура аҧхьаҟатәи апланқәа разҧхьагәаҭара, ауаажәларреи аҳәынҭқаарреи рыбжьара азҵаарақәа рылацәажәаразы аҭыҧ аҧҵара, асоциалтә хырхарҭала аусқәа рҳәаақәҵара, адемократиатә ҳәынҭқараа иахәҭакны аҟалара.

Афорум ааиртит икоммерциатәым  аиҿкаарақәа  рхантәаҩы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Афорум рхы аладырхәит 15 инарзынаҧшуа Аҧсны иҟоу аиҿкаарақәа, иара убас ааҧхьара рыман Урыстәылантәи, Ермантәылатәи аекспертцәа. Афорум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәахәқәа ҟарҵеит: Лиана Кәарҷелиаҧҳа - агәманитартә программақәа рцентр, Елена Кобахьиа - Ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны; Далила Ԥлиаҧҳа -  З. Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр «Мир без насилия»; Надежда Венедиктова – Ателестудиа «Асаркьа»; Гаиане Мкртчиан - Аҿартә банк алахәыла, Вазген  Карапетиан - Евразиатәи аусеицзура афонд аиҳабы ицхырааҩ, Ҭемыр Гаџьижарев - ауаажәларратә еиҿкаара «Агәыҳалалратә еиҩызара» ахантәаҩы.

Афорум алахәцәа ишьақәдырӷәӷәеит изықәныҟәо аҧҟарақәа:

-  Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциа ақәныҟәара;

- Аҳәынҭқарраҟны иҟоуа азҵаарақәа иаартны рылацәыжәара, рыӡбара;

 - Ажәлар рҭахрақәа  рыхьчара;

-  Аҳәынҭқарреи ауаажәларратә еилазаареи русеицзура;

Абарҭ  аҟазшьақәа рыҽрықәыршәаны, Аҧсны ауаажәларратә еилазаара иалнаршоит аҳәынҭқарраҿы  аҭышәынтәалара ашьақәыргылара, адемократиатә институтқәа рырӷәӷәара, ауаҩ изинқәа рыхьчара, иар убас аинтеграциатә зҵаарақәа рымҩақәҵара.

Аиҧылараҿы иазгәаҭан  икоммерциатәым аиҿкаарақәа русура иазкны ихаҭәаау аинформациа ауаажәларра рыларҵәара,  ииашам аинформациа аҧырҟәҟәаара.

Афорум алахәцәа иазгәарҭеит  есышықәса ас еиҧш иҟоу аизарақәа рымҩаҧгара, иара убас Аҧсны икоммерциатәым  аиҿкаарақәеи,  Ермантәылеи, Урыстәылеи иҟоу икоммерциатәым аиҿкаарақәеи  русеицзура. Ахәҭакахьала, ажәалагала ҟаҵан, Аҧсны, Кавказ иҟоу аҭыҧқәа рахьтә, аусеицзуразы иалкаазарц.

Subscribe to Syndicate