Иахьа, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 25ш.ахыҵит

Убри инамаданы, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер  Гогәуа адныҳәалара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Беслан Андреи-иҧа!
Ишдыру еиҧш, Аҧсни аҧсуа жәлари аамҭа уадаҩ ианҭагылаз, ҳадгьыл ҳаибашьцәа ршьа анықәшуаз аамҭазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Аҳада, жәлар рҧыза, Владислав Арӡынба иусҧҟала иаҧҵаз арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы сынтәа иахыҵит 25 шықәса. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аилак напхгара азыруан еицырдыруа аҳәынҭқарратә, аполитикатә, ауаажәларратә усзуцәа.  Урҭ рҧышәеи русуреи ирыбзоураны, адунеи иҧсаҟьаны иалаҧсоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадареи ҳаибабареи рымҽхак аҽарҭбааит. Иахьа, узеигәырӷьаша хҭысуп, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ҳашьцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иахьынхо, рыхшара иахьрызҳауа, аҷҷаҳәа рхатәы бызшәала иахьцәажәо. Аҧхьаҟа уи аихаҳара ҳарҭ зегьы иаҳуалҧшьоуп.
Ҳазҭагылоу аамҭазы, шәара напхгара зышәҭо аилак, хымҧада аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа шьарда ыҟоуп.  Агәра ҳгоит, шәара шәҭакҧхықәреи, шәусуратә еилазаареи ирыбзоураны, шәҿаҧхьа иқәгылоу, ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы аҵак ду змоу азҵаарақәа рыӡбара шшәылшо.  
Акыр шықәса раахыс ҳауаажәлар рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара аџьабаа азызбахьо, иахьагьы уи иахаҵгыло, амаҵ азызуа зегьы шәҿаҧхьа  ҳхырхәоит, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит! Ақәҿиарақәеи, аихьӡарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит!
Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
Ахада Сенер Гогәуа

Subscribe to Syndicate