Иахьа, "Жэларбжьаратэи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь администрациа ахада Адгәыр Ҳаразиа иҧылеит

Аиҧылара рхы аладырхәит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, акультуреи аҵарадырреи рхеилак аиҳабы Нугзар Логәуа. 
Афонд ахаҭарнакцәа, Адгәыр Ҳаразиа инарҭбааны изеиҭарҳәеит афонд имҩаҧнаго аусуракәа ртәы, ҳауаажәлар ирзыҟарҵо агәыҳалалратә цхыраара. 
Ахәҭакахьала, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, афонд ахаҭарнакцәа идирдырит ақалақь аинфраструктура аиӷьтәразы ирзарбоу апланқәеи, иааидкыланы асоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәеи.

Subscribe to Syndicate