Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахәыҷқәа рреабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит.

Ҳҳәынҭқарраҿы ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа рхыҧҳьаӡара шәҩыла иҟоуп. Урҭ  аҧхьаҟатәи рҧеиҧш аиӷьтәра гәцаракра азнауеит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Афонд аҧшьгарала иаҧҵоуп аусуратә гәыҧ, ари ачымазара ишьҭнахуа азҵаарақәа реиҿкаара  ахылаҧшра азҭо. Зегь раҧхьа иргыланы иалацәажәоуп аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәа Аҧсныҟа раагара, акадрқәа реиҵааӡара, зылшара ҧку ахәыҷқәа аҭыҧан ацхыраара рыҭара. Уи азы апрграмма шьақәыргылоуп

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аасоциалтә политика аҟәша анапхгаҩы Иули Гәымҧҳаи, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр,  нап  ҭацәыла иаҭамааит.   Ҳамҭас ацентр ианаршьеит акомпиутертә комплектқәа ҩба, иара убас абзазаратә маҭәахәқәа.

«Аҳәынҭқарра инаҷыданы, досу излаилшо ала,  арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара  досу иаҳуалҧшьоуп. Афонд ахьӡала,  хымҧада, аҧхьаҟагьы  аматериалтәи, афинанстә дгылареи  ааҳарҧшлоит. Иазҧхьагәаҭан иҳамоу агәыҳалалратә усқәа рацәоуп. Иаарласны, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ари ацентр абаҳчаҿы ахәыҷқәа рыхәмарырҭеи, рҽазыҟаҵарҭатә ҭыҧлеи  еиқәдыршәоит»-ҳәа азгәеиҭеитафонд ахада Сенер Гогәуа.

Згәабзиара ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр аиҳабы Виолетта Гагәылиаҧҳа, даара гәахәала илыдылкылеит  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаанырҧшуа агәыҳалалра.

«Афонд ашҟа  цхыраара хәыҷык ҳәа ацентр ахьӡала саннеи  инаркны, уи ахада Сенер Гогәуа сажәа ҩбеимтәит. Мышқәак раҧхьа, аортопедиатә хчқәа 330 цыра ацентр ианеишьеит. Иахьа, иаҳзааигаз акомпиутерқәа, ахәыҷқәа рзы даара акраҵанакуеит.  Аинтернет ахархәарала, дара ирыҧшаап рҩызцәа, еицәажәап, еибадырып, аамҭа бзианы ирхыргап. Иҭабуп даара ҳәа иаҳҳәоит афонд ахада, иара убас уи ахаҭарнакцәа»-ҳәа азгәалҭеит Виолетта Гагәылиаҧҳа.

Анаҩс, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» ахада Сенер Гогәуеи,  ариабилитациатә центр аиҳабы Виолетта Гагәылиаҧҳаи, аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Subscribe to Syndicate