Иаҧҵоуп «Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа»

Имҩаҧысит «Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа»   раҧхьатәи аусуратә еилатәара.  Ассоциациа  аҧырҵеит  икоммерциатәым аиҿкаарақәа 13.

Азеиҧш еизара иаднакылаз аӡбамҭала, еицҿакны  Ассоциациа хантәаҩыс далырхит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

Ассоциациа аиҿкаара хықәкыс  иамоуп агәыҳалалра, асоциал, акультура иадҳәалоу апроектқәа аус еицрыдулара, ауаажәларра рыҿиара ацхыраара аҭара, аиҿкаарақәа ринтересқәа-Ассоциациа алахәылацәа рзин ахьчара, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыбжьара аимадарақәа рнаҩсгьы, аҳәынҭқарратә   структурақәа  аус рыцура, ауаажәларра ринтересқәа рыхьчара.

«Ауаажәларратә еиҿкаарақәа реимадара,  зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡара анырра арҭоит.  Аҭыҧантәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, икоммерциатәым аиҿкаарақәеи   рыбжьара аинформациа аиҭныҧсахлара, хымҧада  агәыҳалалра,  асоциал, акультура уҳәа апроектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҟны акыр ихәарҭоуп»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

«Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа»   иалаларц зҭаху рзы ашәқәа иаартуп.

Раҧхьатәи аизараҟны, Ассоциациа далаларц ажәалагала ҟалҵеит Зураб Ачба ихьӡ зху арҵаратә центр «Мир без насилия» аиҳабы Далила  Ԥлиаҧҳа.  Иҟалҵаз ажәалагала иақәшаҳаҭхеит ассоциациа аиҿкааҩцәа.

«Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа»  аиҿкаарақәа:

  • Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
  • «Аҧсны анацәа  аҭынчреи асоциалтә иашареи»  рзы  аиҿкаара
  • Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» 
  • Агәыҳаларатә программақәа рцентр
  •  «Ааглыхреи аусдкылаҩцәеи Реидгыла«
  • Агәыҳаларатә фонд «Аҧсны ахәыҷтәы фонд»
  • » Аҧсны ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа  Реидгыла «аҧсны-Арт»
  •  «Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны»
  • Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны аус знапы алаку аҳәсақәа»
  •  « Зхы иамыхәо ахәыҷқәа рҭаацәа рассоциациа»
  • Агәыҳалалратә фонд «Аҧсны ауаажәларра аҿиара афонд»
  • Агәыҳаларатә фонд «Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа»
  • Ассоциация «Инва-Содействие»

 

Subscribe to Syndicate