Имҩаҧысит Афонд Анапхгара аизара

Ҳреспубликаҿы иаҧҵоуп ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Афонд хықәкыс иамоуп ҳмилаҭ ахьыҟазаалакгьы Аҧсны аҳәынҭқарра радыҧхьалара, реидкылара. Аҳәынҭқарра азеиҧш усқәа рҽалархәра. Февраль мзазы Аҧсны аиустициа аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит афонд аусҧҟа. Уи инақәыршәаны еиҿкаауп афонд аструктура.

Мышқәак раҧхьа, Аҟәа ,  афонд ахыбраҿы имҩаҧысит  раҧхьатәи анапхгара реилатәара. Уаҟа иазҧхьагәаҭан афонд ахадеи, уи ихаҭыҧуаҩи ралхра. Убас, бжьыҭирыла афонд ахадас далхыуп Сонер Гогәуа. Ихаҭыҧуаҩыс Витали Смыр, маӡаныҟәгаҩ хадас Асида  Инаҧшьҧҳа. Анаҩс, анапхгара реилатәараҿы иалхын еиуеиҧшым ахеилакқәа рнапхгаҩцәа:

  1. жәларбжьаратәи ахеилак - Максим Ӷәынџьиа;
  2. амассатә информациатә хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадареи рхеилак - Гәырам Амқәаб;
  3. аҧсуареи, адемографиеи, арепатриацеи рхеилак - Сырма Ашәҧҳа;
  4. аекономикатә ҿиареи аинвестициеи  рхеилак  -  Абессалом Кәарҷиа;
  5. афинансқәа рхеилак - Беслан Кәыҵниа;
  6. акультуреи аҵарадырреи рхеилак - Нугзар Логәуа;
  7. асоциалтә политика ахеилак – Иулиа Гәымба;
  8. аҿартә политика ахеилак  -  Асҭамыр Логәуа.

Иара убас, афонд аиҿкаара аусура рнапы иануп Октаи Ҷкотуа, Сабина Быҭәҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа.

Subscribe to Syndicate