Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟаз ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» русура хыркәшоуп

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟаз ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбан», иара убас ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» русура хыркәшоуп.  Аделегациа иалахәын: Базель Ҳаџьҭас –иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  «Кәбан», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ»  адиректор хада, Мысҭафа Нагоџь-«Нарҭ-ТВ» афинанстә директор, Саид Базока – ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» асахьаркыратә напхгаҩы, Дана Быџь- ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» аменеџьер.  Ҳџьынџьуаа Аҧсныҟа раара хықәкыс иамоуп  «Нарҭ-ТВ» аканал аҟны аҧсышәала аефирқәа реиҿкаара. Аделегациа алахәцәа иара убас азҿлымҳара арҭеит аекономика, атуризм, акультура, аҵарадырра ирызкыз азҵаарақәа. Урҭ рҭахрақәа инарықәыршәаны зыӡбахә ҳәоу аусбарҭақәа рхадацәеи дареи аиҧыларақәа рзеиҿкаан.

Аҧрограмма хацыркын Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи, Иорданиатәи аделегациеи реиқәшәарала. Аиҧылараҟны иазааҭгылан арепатриациа азҵаара, иара убас ҳтәылаҿы иҟоу аполитикатә, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рызнагара шаҭаху, ателеканал «Нарҭ-Тв» ауаажәларра аинформациа рызназго  тыҧны иҟалар шауа.  Аиҧылараҟны иалацәажәан аҧхьаҟа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рӡыргара  шхымҧадатәиу.

Аҧсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи аделегациеи рылацәажәеит аинвестициа азҵаара. Урҭ азҿлымҳан аҳәаанырцәтәи акапитал  ашәахтә алагалареи, уи аус аҟны льготақәас иҟои. Иорданиатәи асасцәа абжьгара ҟарҵеит Аҧсны абизнес маҷи, абжьаратәи знапы алаку ауаа рзы атренингқәа реиҿкаара. Аминистр иазгәеиҭеит уи аҩыза апроект адгылара шаиҭо, насгьы аҳәаанырцәтәи аусдкылаҩцәа  Аҧсны радыҧхьалара аҵак ду шамоу.

Иорданиатәи аделегациа лыдылкылеит Аҧсны акультуреи  аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи рминистр Ельвира Арсалиаҧҳа.  Аиҧылараҟны асасцәа иазгәарҭеит аҧсуа жәлар ркультура адиаспора зланхо атәылақәа раларҵәара аҵак ду шамоу, Аҧснынтә адырраҭарақәа аҧсышәала дырбаразы «Нарҭ-ТВ» аиҿкаара шалшо.  «Амилаҭтә культура анаҳцәыӡ, ҳазхаҭарнаку ажәлар  раҳасаб ала ҳзышьақәгылаӡом»-ҳәа азгәеиҭеит аделегациа ахада Базель Ҳаџьҭас.  Аминистр асасцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз аҧшьгарақәа рзы, иара убас ателахәаҧшра «Нарҭ-ТВ» аефир ала лара лавтортә дырраҭарақәа дырбара аҭагылазаашьа шрылҭоу.  Аиҧылара ахыркәшамҭаз, аминистр асасцәа ираналшьеит Аҧсны акультуреи аҟазареи ирызку ашәҟәқәа.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Иорданиатәи аделегациа идикылеит  Аҧсны аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Уи асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны аҵара асистема, иара убас аҧсуа бызшәа арҵара аметодқәа.  Асасцәа аминистр изеиҭарҳәеит, Иорданиа шықәсқәак раҧхьа ишаартыз ачерқьесс школ, уаҟа черқьес бызшәала аҵара шырҵо. Ажәалагала ҟарҵеит, уи ашкол аҟны аҧсшәа дырҵаразы аҭагылазаашьа аҧҵара шауа.  Аминистр гәахәала идикылеит ас еиҧш апроект, иҳәеит абызшәа дырҵаразы арҵаҩцәа реиқәыршәара дшазыхио.

Аделегациа иара убас иаҭааит атуризм аминистрра, уаҟа урҭ идикылеит аминистр ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ахба. Асҭамыр Ахба асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ҳтәылаҟны атуризм аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Асасцәа иазгәарҭеит атуризм аҿиара Аҧсны апотенциал бзиа шамоу, уи азы аинвестициеи,  аӡыргареи аҭахны ишырыҧхьаӡо, ирылшо зегьы шыҟарҵо   Аҧсны адунеи аларҵәаразы.

Аофициалла еиҿкааз аиҧыларақәа рҟны иазгәаҭан  ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аилак анапхгаҩы  Беслан Дбари Иорданиатәи аделегациеи реиқәшәара. Беслан Дбар, асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ҳажәлар рҭоурых аҟны ишыҟоу абӷьыц еиқәаҵәақәа, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳдаспореи ҳареи ҳаимадара шырӷәӷәатәу. Уи аус аҟны ателехәаҧшратә канал «Нарҭ-ТВ»  анырра ду ҟанаҵар шалшо.

 Аҧсны имҩаҧысуаз Иордантатәи ҳџьынџьуаа злахәыз аофициалтә еиҧыларақәа зегьы ирылахәын «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Симон Агрба, Жанна Леиҧҳа. 

Subscribe to Syndicate