Иорданиатәи аделегациа аделегациа усуратә визитла Аҧсны иаҭааит

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала, Аҧсны иаҭааит ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», аспутникатә телерадиоеилахәыра «Нарҭ-ТВ» ахаҭарнакцәа. Базель Ҳаџьҭас –иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  «Кәбан», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ»  адиректор хада, Мысҭафа Нагоџь-«Нарҭ-ТВ» афинанстә директор, Саид Базока – ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» асахьаркыратә напхгаҩы, Дана Быџь- ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» аменеџьер. Иорданиантәи аделегациа Аҧсныҟа раара алыршан 2017 ш. рзы «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахаҭарнакцәа уа ианыҟаз иҟарҵаз аҧшьгарала. Усҟан ирылацәажәан хырхарҭала еиуеиҧшымыз апроектқәа, уажәы урҭ рынагӡаразы азҵаарақәа шьҭыхын. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиқәнаршәеит апрограмма. Апрограмма еиднакылон аофициалтә ҟазшьа змаз аиҧыларақәа. Иаҳҳәозар:  Аҧсны адәныҟатәи аминистр Даур Ақаҩба иҧылара, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иҧылара, акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи рминистр Ельвира Арсалиаҧҳа лҧылара, аҵарадырра аминистр Адгәыр Какоба иҧылара, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Беслан Дбар иҧылара, атуризм аминистр ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ахба иҧылара.

Иорданиатәи аделегациа аҩбатәи амш азы иаҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аҧша амузеи, згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центр, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, «Абаза-ТВ» ателеканал. Аусурақәа зегьы рхыркәшамҭаз иазгәаҭоуп  Аҧсны анапхгара рҧылара.

Аделегациа анапхгаҩы Басель Ҳаџьаҭс иҳәеит: «Сара сҭоурыхтә ҧсадгьыл Адыгатәылоуп». Сара сабдуи саби Иорданиа иит. Еснагь исҭахын сабдуцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл саҭаарц. Шықәсқәак раҧхьа уи алыршахеит. Иахьа инаӡеит аҩбатәи сыгәҭакы, избеит Аҧсны. Исықәшәаз ауаа убриаҟара гәыблыла срыдыркылеит, аҧхьаҟа исылымшогьы сылсыршарц сҭахуп ҳаимадарақәа рырӷәӷәаразы».

Иорданиатәи аделегациа Аҧсныҟа раара хықәкыс иамоуп акультура-информациатә еимадара ашьақәыргылара, иара убас Адунеи зегьы аҟны иҟоу ачерқьесс диваспора рыҩныҵҟа ҳкультура аларҵәара. 

 

Subscribe to Syndicate