Иорданиеи Аҧсни аусеицура рыбжьаҵаразы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит.

​Иорданиа имҩаҧысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа.  Иорданиа,  Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны  рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Ажьарныҳәамзазы имҩаҧысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиҧш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора.  Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.

«Иорданиа аҳҭны қалақь Амман инхоит зықьҩыла Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Адгьыл ҭыҧқәа рзалырхит усҟантәи османтәи  аимпериа ахадацәа, араб тәылақәа ракәзар,  зегьы хьӡык еиднакылон  «Шьам»-Шьамтәыла. Османтәи аимпериа анеилыбга, атәылақәа рҽеиҩыршеит, анаҩс хаз ҳәынҭқарраны ишьақәгыло иалагеит. Иорданиа ахҵәара иақәшәаны иқәнагалаз Кавказаа афырхаҵара рылан, рыхьӡ-рыҧша  иахьа уажәраанӡагьы акыр иҳаракуп. Ҳҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа иреиуоуп ҳдиаспореи ҳареи ҳаигәныҩра арӷәӷәара»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа иқәгылараҿы.

​Иорданиеи Аҧсни аусеицура рыбжьаҵаразы  аганқәа еиқәшаҳаҭхеит. Акультура, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, аспорт уҳәа ахырхарҭақәа рыла ауснагӡатәқәа реиҿкаара, хымҧада  ҳажәларқәа реимадаразы илҵшәа бзианы иҟалоит.

Иорданиа апарламент адепутат Мансур Сиџьаџьеи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылараҿы иазааҭгылан аҧхьаҟатәи аусеицуразы рыгәҭакқәа. Адепутат иазгәеиҭеит  азеиҧш   проектқәа рҳәаақәҵара дшазыхиоу. Еиҳаракгьы Аҧснытәи иашьцәеи иареи реимадара арӷәӷәара дшазҿлымау.́

 Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Ибрагим Мерза иакәзар, аргыларатә наплак ду QSG аҿы аус иуеит. Иара ихы-иҧсы зегьы Аҧсныҟа икыдуп. Изныкымкәа иҭоурыхтә ҧсадгьыл даҭаахьеит.  Аҧснытәи аделегациа ирзеиҭеиҳәеит инапы злаку апроектқәа рыӡбахә. Агәра игоит иҧсадгьыл  Аҧсны аҧхьаҟа аҧеиҧш бзиа аманы ишыҟало.

Иорданиа иҟаз Аҧснытәи аделегациа рзы еиҿкаан ҳдиаспора злахәыз акыр аиҧыларақәа. 

 

Subscribe to Syndicate