Иуль 2, 2016 ш. азы, аҵарадырратә центр "Академиа" аҵарашықәсазтәи аихшьала мҩаҧнагеит.
03/07 2016
Иуль 2, 2016 ш. азы, аҵарадырратә центр "Академиа" аҵарашықәсазтәи аихшьала мҩаҧнагеит.
Ари ашықәс азы "Академиа" 100-ҩык астудентцәа ҵарала еиқәнаршәеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ари ацентр аҟны атәым бызшәақәа ҧшьба ирхысуеит-аҧсшәа, аурыс, англыз, аҭырқәшәа. "Академиа" аҟны аус руеит зҧышәа ҳараку, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьоу аушьҭымҭацәа, арҵаҩцәа.
Ацентр адиректор, Ирина Ҷкадуаҧҳа илыллыршеит астудентцәа аҳәаанырцә имцакәа, Аҧсны, атәым бызшәақәа рҵаразы аҭагылазаашьа аҧҵара. Араҟа аҵара зҵо астудентцәа еиуеиҧшым атемақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит. Иаҳҳәозар, "аҳауа агәаҭара", "акулинартә программа", "ажәабжьқәа рмаҵзура" уҳәа. Адҵақәа зегьы астудентцәа зҿлымҳарыла иазнеиуеит. Еиҳа аинтерес зҵаз адҵақәа, еиҿкааз аусмҩаҧгатә аҟны еизаз лабҿаба идырбан.
Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, "Академиа", абызшәақәа разыҟаҵаразы аҧхьагылара змоу акакәны ахы аанарҧшит, араҟа астудентцәа абызшәақәа рҵара анаҩс, аҳәаанырцә, Великобританиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа уҳәа, Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы аҽазыҟаҵарақәа ирхысыртә еиҧӡ алшара рымоуп.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҵарадырра иазку апроектқәа ирыдгылоит, ахәҭакахьала "Академиа" имҩаҧнаго аусура. Асертификатқәа ранашьара анымҩаҧысуаз аҽны, зҽалызкааз астудентцәа аҳамҭақәа рыҭан. Зегь иреиҳау аџьшьара лыҭан ацентр аушьҭымҭа Саида Џьынџьалҧҳа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, лара Лондон, ҩымчыбжьа абызшәатә курсқәа дырхысуеит. Афонд ҩаҧхьа агәы иҭоуп аҵарадырратә центр "Академиа" ацхыраара аҭара, аҵара апроцесс амҽхак арҭбаара. Иааиуа ашықәс азы, ацентр аҟны атәым бызшәақәа ирыцлоит афранцыз, аиспан бызшәақәа.
- «Абызшәа Аҵарҭа Центр -Академиа» 2018 шықәса зҵара хзырқәшаз асертификатқәа ранашьоуп
- Ҭырқәтәылатәи аспециалистцәа «Академиа» арҵаҩцәа рзы атренингқәа мҩаҧыргеит
- Аҧсуа бызшәа акурсқәа хәыда-ҧсада арҵара
- Аҵарадырратә центр «Академиеи» атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџьи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», Арҵаратә центр «Академиеи» , аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.