Иун 1 - ахәыҷқәа жәларбжьаратәи рымш ныҳәоуп.

Акыр иаҧсоу ахәыҷқәа! «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәныҳәа мшы. Шәара-уаҵәтәи ҳара   ҳҧеиҧш шәоуп. Иаҳҭахәуп агәабзиара, агәыцқьара, аманшәалара, аихьӡарақәа шәыманы ишәызҳаларц. Ҳҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рзы шәыхьӡырҳәаганы шәҟаларц, аҵарадырра бзиа шәоурц, шәыхьӡ адунеи иалаҵәарц. Ҳара ҳфонд иалшо зегьы ҟанаҵоит шәара шәхәыҷратә дунеи арҧшӡаразы. Ҳхықәкгьы уи ауп-еизҳауа аҿар адгылара, ацхыраара, агәыразра, агәыҳалалра рзаарҧшра.  Илашазааит еснагь  шәара шәдунеи, наунагӡа аҭынчра амазааит иахьа шәара шәызқәынхо адгьыл ҧшӡа-Аҧсны! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа. 

Subscribe to Syndicate