Каисери ақалақь аҟны имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи ҳдиаспореи реиҧылара

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҧшьгарала, Кавказ ажәларқәа злахәыз аизара мҩаҧысит Каисери ақалақь аҿы.

Каисери инхо аҧсуа-дыга хылҵшьҭрақәа хәнызқьҩык иреиҳауп. Дара еидызкыло  62 қыҭа ыҟоуп. Урҭ рахьтә аҧсуаа аақыҭак рҿы инхоит.

Аҧснытәи аделегациа "Бзиала шәаабеит!"-ҳәа раҳәо, ҳџьынџьуаҩ  Сечқьин Қымза, аиҧылара ааиртит. Дазааҭгылеит Каисери инхо  Кавказтәи ажәларқәа рыбзазара атәы, рмилаҭтә хдырра амырӡразы имҩаҧырго ауснагӡатәқәа ртәы. Анаҩс, ажәа змаз "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа еизаз ирзеиҭеиҳәеит афонд аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа. Урҭ ҳажәлар рыбзазара аиӷьтәра ишазку. Ҳџьынџьуаа лабҿаба ирбартә еиҧш алшара рыман афонд абзоурала иаҧҵаз Аҧсны иазкыз афильм, ирызшан афонд иҭнажьыз ажурналқәеи адискқәеи.

Аҧсны абыргцәа реилазаара аиҳабы . Апполон Шьынқәба иажәахә аҿы дазааҭгылеит Аҧсны иахьатәи аҭагылазаашьа, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи ҧхьаҟа рцара аус аҟны афонд ацхыраара ду шынанагӡо.

"Аҧсны аамҭа уадаҩқәа ирылҵны, ҳаӷацәа ириааины аҿиарамҩа иануп. Аҧсынтәыла шәара шәыҧсадгьыл ауп, изызҳауа аҿар рыҧсадгьыл ахь рхы кыдышәҵа. Аб иџьынџь аҵеи еиқәирхароуп. Ҳзеиҧш ҧсадгьыл гәынқьуеит, избанзар шәара аҩныҟа шәыхынҳәра иазыҧшуп"-ҳәа азгәеиҭеит Шьынқәба иқәгылараҿы.

Аиҧылараҿы иқәгылаз Аҧснытәи аделегациа алахәцәа: Нугзар Логәуа, Гәрам Амқәаб, Арда Ашәба, Оқтаи Ҷкотуа инарҭбааны иазааҭгылеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" злашьақәгылоу ахырхарҭақәа, уи хықәкы хадас аҿаҧхьа ишықәгылоу аҵара-дырра, акультура аҳәаақәа рырҭбаара, аекономика ашьҭыхра, асоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара уҳәа азҵаарақәа жәпакы.

Аҧснытәи аделегациа рҭакқәа ҟарҵеит ҳџьынџьуаа ргәы иҵхоз азҵаарақәа. Ахәҭакахьала, урҭ азҿлымҳан Аҧсны атәылауаҩшәҟәы аиура, ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Гәыблыла иазгәарҭон ҳара шьак-дак еицалҵыз шҳаку. Аҧсны ахақәиҭра, Кавказ ажәларқәа зегьы рзы ишгәадуроу.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, Сенер Гогәуа, аҧсуа ҟама ҳамҭас иранеишьеит.

Subscribe to Syndicate