Ҳаҭыр зқәу аҳәынҭкарратә амузеи анапхгара, аусзуцәа!

Ҳажәлар рҭоурыхи ркультуреи аҿиараҟны, аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи ашьақәгылара,  аҵак ду амоуп.  100ш.  ирылагӡаны, амузеи иалнаршеит ажәытәреи аҿатә аамҭеи  реиқәырхара. Уи аҟны, хымҧада рылша рацәоуп амузеи амаҵ азызуа зегьы. Имаҷым ҳмилаҭ ахаҿра цәырызго аекспонатқәа.  Даара аинтерес ду рыҵаны имҩаҧысуеит аҭҵааратә, акультуратә, аҭоурыхтә хырхарҭақәа рыла уҳәа амузеи аҟны лассы-лассы иазгәарҭо ауснагӡатәқәа. Ҳхәынҭқарреи ҳажәлари рзы ари ныҳәатә рыцхәуп. 

Ҳаҭыр зқәу амузеи аусура иазааҧсахьоу, иахьагьы ҭакҧхықәрала иазнеиуа зегьы!  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала  ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацҧыҳәара, аманшәалара, аизҳазыӷьара!  Иааиуа Ашықәс Ҿыц ҩнаҭацыҧхьаӡа абзиарақәа шәзаанагааит! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

 

 Ҳаҭырла, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»

 Ахада Сенер Гогәуа

Subscribe to Syndicate