Китаи имҩаҧысуаз ахәаахәҭра-економикатә цәыргақәҵа иалахәын Аҧснытәи аделегациа

Сентиабр 21 инаркны 24-нӡа, Китаитәи Ареспублика  Уцзиациуи ақалақь аҟны имҩаҧысит ЕКСПО Оазисттә индустриа ахҧатәи аекономикатә цәыргақәҵа. Абизнес-консалтингтә структура «Huahe International» аиҿкааратә хеилак ааҧхьарала, Аҧснынтә уи рхы аладырхәит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, «АбхазМорпром» аиҳабы Ҭимур Логәуеи.     Урҭ уахь рцара хықәкыс иаман атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиареи, аҧышәақәа реимадара аизырҳареи. Ари ацәыргақәҵаҿы хадара злаз атематикатә ҟәшақәа иреиуан: ақыҭанхамҩа, ааглыхреи акультуреи риндустриа, ахәҭакахьала ақыҭанхамҩатә технологиа аӡыргара.

«Китаитәи аҳәынҭқарра аекономика аганахьала адунеи аҿы аҭыҧ ӷәӷәа ааннакылоит. Китаинтәи Аҧсныҟа иаауа атауарқәа акыр ишеизҳауа убарҭоуп. Ҳара интересс иҳаман Китаинтәи Аҧсныҟа иааугаша, иара убас Аҧснынтә Китаиҟа идәықәуҵаша  атауарқәа аҭыҧан агәаҭара, ахәаахәҭра аганахьала аимадара ҳабжьаҵара, уи  ишьҭнахуа азҵаарақәа рыҭҵаара. Хымҧада, даргьы азҿлымҳара аадырҧшит ари аус аганахь ала. Ацәыргақәҵа мҩаҧысуан хәымш. Уи иалахәын еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә абизнесменцәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Имҩаҧысит аусуратә еиҧыларақәа, иара убас аиқәышаҳаҭрақәа анапы раҵаҩрақәа»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.

Ацәыргақәҵа иаман иҷыдоу даҽа ҵакык - аинвестициатә политикатә  ҳауа аӡыргара «Абырфын мҩа» акәшамыкәша. Географитә ҭыҧла Урыстәылеи Аҧсныи рзы уи ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит.

«Абри азҵаара аганахь ала еиҿкаауп аусуратә гәыҧ. Уи иалахуп аатәылак  рҟынтә иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа. Уажәазы имҩаҧысуеит аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа. Ҳарҭгьы уи аганахь ала агәҭакқәа ҳамоуп»-иҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд ахада Сенер Гогәуа.

Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара аҳәынҭқаррақәа рыбжьара  ахәаахәҭра-економикатә еимадара  аганахь ала апотенциал ду амоуп.

Subscribe to Syndicate