Лаҵарамза 21- Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп

Лаҵарамза 21 рзы, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны, ҳажәлар ахлымӡаах иҭагылар акәхеит. Акыр шықәса уажәаԥхьа, 1864 шықәса рзы, ҳарҭ ҳауаажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылаҟа, иара убас егьырҭ атәым тәылақәа рахь.

Иахьа, ҳара  ҳҽазаҳшәоит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи  ҳаешьареи ҳаиҩызареи  ирызку ацҳа абжьаҵара.

Урҭ ргәалашәара ҳара аҭагылазаашьа ҳзаԥнаҵоит ас еиԥш агәаҟра цәгьа ҳажәлар уаҳа иҭамгыларц, ҳҭоурых аҟны ас еиԥш илахьеиқәҵагоу амш ҟамларц, ҳажәлар ркультуреи,  рҵаси-рқьабзи нагӡара аиурц, аамҭаказы аҭоурых  ихнарбгалаз зегьы еиҭашьақәҳаргыларц.

Subscribe to Syndicate