Леон Џьынџьал -апроект «Ани амаалықьи» азықьтәи ахәыҷы.
08/09 2016
Абар уажәшьҭа, шықәсык ҵуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд, ҿыц ахшара дзауз ан лысаби иааӡараҿы лхы иалырхәаша ашәыра азнархиоижьҭеи. Аҳамҭақәа заухьо аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара, иахьа 1000 рҟынӡа инаӡеит. Урҭ аҭаацәа, Аҟәа ақалақь инхо, Инал Џьынџьали Рафида Амҷыҧҳаи ракәхеит. Жәамш раҧхьа, Џьынџьалаа рҭаацәараҿы диит аҵеи, Леон Џьынџьал. Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы, арҭ аҭаацәара ирзыҧшын ирзымдыруаз агәырӷьаратә хҭыс. Ашәыра иашьҭаланы афонд ахь имҩаҳыҵыз азықьтәи асаби иан Рафида, афонд ахаҭарнакцәа ҷыдала илыздырхиеит лыҧшқа иааӡараҿы лхы иалырхәаша амаҭәахәқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи, ашәҭ шьыҵәрақәеи. Уи длыдныҳәалауа лнапаҿы илиркит афонд ахада Сенер Гогәуа.
«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Аҧсны ииуа аҧсуа хәыҷкәа рхыҧхьаӡара рацәахар. Иаҳтахәуп ҭаацәацыҧхьаӡа ргәырӷьара рыцеиҩаҳшарц. Даара агәахәа алахҳит иҳаҳаз ажәабжь, ааигәа шәара шәыҩнаҭаҿы аҵеи иира. Дыхьӡырҳәаганы, шәилагәырӷьо, агәабзиара иманы изҳааит!»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа.
Рафида Амҷыҧҳа лакәзар илҳәеит, афонд ахьӡала илоуз азҿлымҳара акырӡа дшаршанхаз.
«Сара сақәгәыӷуамызт, иахьа ас еиҧш агәырӷьареи, аҳамҭа ссири сзыҧшуп ҳәа. Акрааҵуан «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго аусурақәа рыӡбахә саҳауеижьҭеи. Акыр сыхнахит иаашәырҧшыз азҿлымҳара. Леон хәыҷы даҧсахааит. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит. Шәнапы злаку аусқәа зегьы шәықәманшәалахааит!»-лҳәеит Рафида Амҷыҧҳа лгәырӷьара ҳәаак амамкәа.
Апроект «Ани амаалықьи» аусура хацыркын ҳазҭоу ашықәс, нанҳәамзазы.
- «Ани амаалықьи» ԥшьнызқьтәи аҳамҭа ианашьан Гостиев Лаван
- Апроект «Ани амаалықьи» Гагратәи араион аҿы
- Апроект «Ани амаалықьи» нагӡоуп Уарча ақыҭа
- "Ани амаалықьи" ҩнызқьтәи аҳамҭа ранашьан Шьаҟрылаа рҭаацәа
- Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит
- «Ани амаалықьи»
- Апроект «Ани амаалықьи» Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит
- Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп Аҧсны араионқәа рҟны.
- «Ани Амаалықьи» апроект ала раҧхьатәи аӽамҭақәа рнапаҿы ирыҭоуп.