Маи 12, 2016ш, Аҟәа. Жәларбжьаратәи аконференциа -«Ахәыҷтәы неврологиа актуалтә зҵаарақәа»

Иахьа, Аҟәа ақалақь аҟны имҩаҧысит анаука-практикатә конференциа абри атемала-«Ахәыҷтәы неврологиа актуалтә зҵаарақәа», ахәыҷтәы церебралтә паралич иадҳәалоу апроблемақәа ирызкны. Аконференциа еиҿкаауп акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи»,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» раҧшьгарала, Аҧсныи Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала.

 Аконференциа аадыртит Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Анзор Гоови, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр иабжьагаҩы Анатоли Гәлини. Раҧхьатәи ажәахә ала дықәгылеит Аҧсны агәабзиарахьчара апедиатр хада Ада Абыхәҧҳа. Ахәҭакахьала,  лара  иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны аҿиара ишалагаз ДЦП ҳәа изышьҭоу   ахәыҷқәа рчымазара.

Аконферненциа мҩаҧысуеит ҩымш: раҧхьатәи амш азы уи алахәцәа Урыстәылатәи аспециалист хадацәа ражәахәқәа ирзыӡырҩит. Уаҟа иазааҭгылан  ахәыҷтәы нервтә система хада иадҳәалоу апроблемақәа. Аҩбатәи амш аконференциа апрактикатә ҟазшьа амоуп. Аҭаацәеи, иара убас аҭыҧантәи аспециалистцәеи аҭагылазаашьа рымоуп Урыстәылатәи рҩызцәа рацәажәара, ирымоу рҧышәа рыдкылара, амастер-классқәа рахысра. Аҟәа  ақалақь ахәыҷтәы поликлиникаҿы имҩаҧысуеит ииз аахыижьҭеи ичмазцәоу ахәыҷқәа ргәаҭара. Аекспертцәа, амастер-классқәа мҩаҧыргоит-Урыстәылатәи Афедерациа ахәыҷтәы реабилитолог хада Татиана Батышева, Леила Ахадова-Анаука практикатә центр Москва ақалақь агәабзиарахьчареи апсихоневрологиеи ахәыҷтәы департамент  аневрологиа аспециалист хада, Ирина Пасхина-анаука практикатә центр аспециалист-педиатр, Викториа Трипелец- аҳақьым-епилептолог, Надежда Шатилова-анаука практикатә центр аусзуҩ, Владимир Кусакин-анаука практикатә центр аортопедиа аспециалист хада.

Ари аконференциа амҩаҧгара алнаршеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ДЦП ачымазара иадҳәаланы аусутә гәыҧ еиҿнакаахьаз аилатәара. Уи адгылара арҭеит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра апедиатор хада Ада Абыхәҧҳа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Рреспублика реабилитациатә центр адиректор Виолетта Гагәылиа, ареабилитациатә центр АИС адиректор Алхас Тхагәешев. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧснытәи аспециалистцәа алшара рыман жәларбжьаратәи аконференциа аҽалархәра, аутизм апроблемақәа ирызкны. Апрограмма аҧҵоуп  Аҧсны аҩныҵҟа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ареабилитациа рахысразы. Апроект хылаҧшра алҭоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа.  

Subscribe to Syndicate