Амассатә-информациатә хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадарақәеи

Амқәаб Гәрам Артиом-иҧа

Амассатә информациатә хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадареи ирызкыу  ахеилак ахықәкы хадақәа ируакыуп, аҧсуа ҳәа зхы зыҧхьаӡо дахьыҟазаалакгьы, Аҧсны, аҧсуа ҳәынҭқарра, аҧсуа милаҭтә культура, аҭоурых, аекономика, аполитика ирызкны аинформациа изнагара. Аҧсуа бызшәа изымдыруазаргьы, егьырҭ абызшәақәа рыла аинформациа иҭара (аурыс, аҭырқәшәа, англыз бызшәақәа). Аҧхьаҟа иазгәаҭоуп ҧсышәала ажурнал аҭыжьра, иара убас,  аинтернет ахархәарала асаит аҟны, ахәаҧшыҩцәеи, аҧхьаҩцәеи, Аҧсни аҧсуааи ирызкыу авидеонҵамҭақәа рзеиҿкаара. Ахеилак ахахьы иагоит Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны»  аусура зегьы иаартны, ҳаамҭазтәи атехналогиақәа инарықәыршәаны ҳауаажәлар рызнагара.

Subscribe to Syndicate