Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.

Embedded thumbnail for Нанҳәа 14, 1992ш- Аҧсны аҭоурых аҟны лахьеиқәҵаратә мшуп.

Нанҳәа14, 1992 шықәса рзы, Қырҭтәыла анапхгара рыдҵала, аҳәынҭсовет ар, ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳтәыла иақәлеит.  Ҧшьышәи жәаха ҵхи-мши ицоз аибашьра, аҧсуа жәлар риааирала ихыркәшан  Сентиабр 30, 1993 шықәса рзы.

Зықьҩыла аибашьцәа рхы ақәырҵеит Аҧсны, зықьҩыла ахәрақәа роуит, иҟоуп хабарда ибжьаӡқәаз… Аҧсуаа иҳадгыланы  еибашьуан Нхыҵ-Кавказынтә ҳаешьаратә  жәларқәа, Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Аҷарантә уҳәа аҳәаанырцә инхоз ҳдиаспора  рхаҭарнакцәа,  Алада Урыстәыла арегионқәа  рҟынтә хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа.

Ҳажәлар аибашьра ирзаанагаз агәаҟра,  аамҭа наскьацыҧхьаӡа, еиҳагьы ихьанҭахоит.

Аҧсуа жәлар рыгәаӷьреи, рычҳареи, рҟәыӷареи ирыбзоураны, ҳара ҳанхоит зых иақәиҭу, ихьыҧшым аҳәынҭқарраҿы.  Наӡаӡа ихьчоуп Аҧсадгьыл-Аҧсны. Уи зхы ақәызҵаз рыхьӡқәа, ргәалашәара.лаша еснагь инхароуп абиҧарақәа рҿы.

Subscribe to Syndicate