Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
04/02 2016
Очамчыра араион Џьал ақыҭа инхо, Беслан Габелиеи, Светлана Габлаиаҧҳаи быжьҩык ахшара рааӡоит. Ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә иҟоуп. Аҧсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭә қьабзқәа аҧҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаҧшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит. Ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рҧеиҧш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит. Иаҳҳәозар, архьшәашәага, ателевизор, аӡы зладыршуа абак, ачаӡыга, аҩнарҧхага уҳәа амаҭәахәқәа маҷымкәа.
«Исгәалашәоит, Чықәниа Џьамал ҳәа еиҳабык дҳаман Ҭырқәтәыла, убас иҳәон: Австралиа дыҟазаргьы аҧсыуак, ишьапы маӷык алалар, абраатәи аҧсуаа ҳгәы ҳнархьуа аҟынӡа аибабашьа ҳамазароуп, ҳаихӡыӡаароуп ҳәа. Ҳара ҳфондгьы заҧҵо убри азоуп. Аҧсуаа ҳаицхыраароуп, ҳаидгылароуп, ҳрыцҳеибашьароуп. Усҟан, ҳҧеиҧшгьы бзиахоит, ҳҳәынҭқаррагьы еиҳа иӷәӷәахоит. Иахьынӡаҳалшо ала, ҳабжьы ахьынӡанаӡо, ҳамч ахьынӡаҟо ҳаидгылап. Абарҭ иҟаҳҵақәо, ҳалаҽырбарц акәӡам. Аҧхьаҟа, ацхыраара аҟаҵара згәы иҭо, убарҭ арцыхцыхып ҳәа ауп . Ари аҩыза аус, ҳаидгыланы ҳахаҵгылар, ҳажәларгьы, ҳхәыҷқәагьы аргәырӷьоит, ҳҧеиҧшгьы бзиахоит»-ҳәа азгәеиҭеит афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа.
Габелиаа рыхшара аиҳабы, Апснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара иҵоит. Ԥшьҩык, Очамчыратәи ашкол интернат аҟны. Ҩыџьа, Тҟәарчалтәи абжьаратә школ аҟны. Урҭ, аҵареи, аспорти аусхкқәа рҟны еихьӡарала рхы аадырҧшуеит. Афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, даараӡа пату ақәырҵеит.
«Ари даара иус ҧшьоуп. Имариагәышьам, ақыҭаҿы ахшара рацәа рааӡара. Анцәа иҳаҭәеишьеит, уи ҳаигәырӷьоит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, иара ивагыло иҩызцәа зегьы, ҭабуп ҳәа расҳәоит, ацхыраара зышәҭаз ҳхәыҷқәа рыхьӡала. Ари нахысгьы еиҳагьы шәылшареи шәгәамчи ӷәӷәахааит. Иҳалшо ала, ҳхатә џьабаала ҳанхоит. Ахәыҷқәа раб иакәзар, агәабзиара нагӡаны имам. Излаилшоз ала аибашьраҿгьы ихы ааирҧшит, ишыжәбо еиҧш, ихатә џьабаала ахәыҷқәа рааӡара даҿуп»- лҳәеит, быжьҩык ахшара ран, афырҧҳәыс Светлана Габлаиаҧҳа.
Ииашаны, зых пату ақәҵаны, мацқьа шьацқьала инхо арҭ аҭаацәа, ирымоуп рынхара рынҵыраҿы ирыҧгыло ауадаҩрақәа. Уи аҳәара шырцәыуадаҩызгьы, еилкаахеит, зегь раҧхьа иргыланы, аӡи , амҩеи ирыдҳәало азҵаатәқәа шракәыз. Изыруада, нас уи зыбжьы ақәзырго, агәыразра аазырҧшуа аӡә дҟаларгьы?!
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.