Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, 100нызқь мааҭ аҧара, зыҩны блыз, хшара рацәа змо Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.

Гагра араион  Гьечрыҧш аҳабла инхо Зураб Қорсантиеи  Мзиа Гезердааҧҳаи, ҧшьышықәса раҧхьа агәаҟра ӷәӷәа иақәшәеит. Ааҩык рыхшареи дареи аҩны ишыҟаз, изыҩназ ахыбра амца акын инықәыблаа ицеит. Ишырҳәо еиҧш, хкыдгыларҭа  рымамкәа адәы иаақәхеит. Уижьҭеи аамҭа акыр шцахьоугьы, аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит.   Иблыз аҩнаҵаҟа, рнапала иацхраан иҟарҵаз уадахәыҷык  аҟны, рхәыҷқәа рыдкыланы, ҭаацәала еицынхоит. Рыкрыфара, рыкрыжәра, рышьҭаларҭа  уҳәа, иахьа уажәраанӡа  рхы убра иаларыгӡоит.

Ас еиҧш агәаҟра иақәшәаз аҭаацәа, цхыраара хәыҷык ҳауазар ҳәа,  Сонер Гогәуа напхгара зиҭо «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа аҳәара ҟарҵеит. Хымҧада, афонд ахадара, ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Қорсантиаа рҭаацәа адгылара рынаҭеит. Зегь раҧхьа иргыланы, изызҳауа аҧсуа хәыҷқәа рҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны,  зымҩа иаанымгылеит, афинанстә цхыраара рзыҟанаҵеит.

«Хара ҳфонд, асоциалтә проектқәа адгылареи, ацхыраареи рынаҭоит. Аҧсуа ҭаацәарақәа, ахшара рацәа зааӡо, ҳҳәынҭқарра иауасхырны ҳрыхәаҧшуеит. Афонд ахьӡала, 100нызқь мааҭ аҧара шәанаҳшьарц ҳҭахәуп.  Ишәааӡо шәыхшара агәабзиареи, агәамчи рыгымзааит»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Қорсантиаа рҭаацәа ракәзар, афонд иҟанаҵаз ахаҵгылара, акырӡа еигәырӷьеит.

«Сҭаацәа зегьы рыхьӡала, даара ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз ацхыраара ду азы. Зегь раҧхьа иргыланы, иҳашәҭаз аҧара, ахәыҷқәа ирыгу ирыбзоу, насгьы рыхәышәтәрахь исышьҭуеит. Ас еиҧш ацхыраара раҧхьаӡа акәны иҳауит. Даара гәахәала иҳадаҳкылеит»-лҳәеит аҩнаҭа аҧшәма ҧхәыс Мзиа Гезердааҧҳа.

Абасала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку асоциалтә ҟазшьа змоу апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩаҧхьа агәыҳалалра аанарҧшлоит.

Subscribe to Syndicate