Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
22/02 2016
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Бзыҧта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.
Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит жәаҩык ахшара. Хәҩык аҧацәеи, хәҩык аҭыҧҳацәеи. Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыҧхеит 45ш. ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз урҭ ран, Аннета Ҳамиҭҧҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҧҟарақәа инарықәыршәаны, Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟаҵан. Дара рҭахрақәа еилкааны, афонд ахьӡала ирызнаган аҩнымаҭәақәа: адивани акреслақәеи, астоли аҟәардәқәеи, ахәы ахьыҟарҵо, рызлаҽдырҧхо амаҭәахә.
«Аҧсны раионцыҧхьаӡа, аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷқәа аныҟала, ҳара иаҳҭаху аҩыза аҧсуа ҳәынҭқарра, хымҧада иҳаргылоит. Хгәыӷрақәа здаҳҳәало абарҭ ахәыҷқәа роуп. Ҳара ҳазхьымӡаз, аҧхьаҟа дара инарыгӡап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, иахьа алшара змоу, ҳҳәынҭқарра аума, абизнес знапы алаку роума, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа адгылара раҳҭар, лассы ауадаҩрақәа ҳаӡбар ҟалоит. Убри хықәкыс иҟаҵаны, Гагратәи араион ҳаҭааит. Мышьҭабзиала ҳааит ҳәа сгәы иаанагоит. Ари аус аҧхьаҟагьы аҿиара амоуп. Агәабзиара рыманы еизҳалааит ҳхәыҷқәа, ҳара убри ауп иаҳҭаху»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа
Гагра араионтә еизара адепутат Алла Григолиаҧха излазгәалҭаз ала, Хьециаа рҭаацәа, рхатә џьабаала инхоит, еихӡыӡаауа иныҟәеибагоит.
«Аҳәынҭқарра ахьӡала, араион ахьӡала, еснагь ҳрыдгылоуп, ацхыраара излаҳалшо ала ираҳҭоит. Аҧсуаа рзы, ахшара рацәа, ари мал дууп, гәырӷьароуп, гәышьҭыхроуп. Хьециаа ирзыҟашәҵаз ахаҵгыларазы, ирзаажәгаз аҳамҭазы, даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Агәамчи, алшареи шәыманы, аҧсуа ҭаацәарақәа шәрыцхраалартә еиҧш, аҭагылазаашьа Анцәа ишәиҭааит»-лҳәеит Алла Григолиаҧҳа.
«Издыруада, абарҭ ахәыҷқәа ацхыраара ианаамҭоу ирыҭазар, ианеизҳалак, аҵарадырра анроулак, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ныҟәырго иҟалар? Ҳааҭгыланы ҳхәыцып, иааҳарҧшып агәыҳалалра. Ус рымҳәои аҧсуаа: «Аеҭым икәакәар былуам» ҳәа. Убри аҭагылазаашьа ыҟоуп абри аҭаацәараҿы. Ран лыҟазаара рынмырҧшӡакәа, аҭыҧҳацәа, рашьцәеи, раҳәшьцәеи хәыҷқәа нап рыдкыланы, агәаҧхарра рыдҵаны, ирхылаҧшуеит, еибааӡоит»-ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа.
Иара убри аҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, Гагра иҟоу афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи идикылеит араион ахада Беслан Барцыц. Сенер Гогәуа араион ахада инарҭбааны изеиҭеиҳәеит афонд аусура ахықәкы. Ахәҭакахьала, Беслан Барцыц, иҳәеит Гагра араион афонд имҩаҧнаго аусурақәа ишрыдгыло. Аиҧылараҟны иазааҭгылан аҧхьаҟатәи русеицзура иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз, афонд ахьӡала, араион ахада ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Иара убас, апроект «Ани амаалықьи» ахырхарҭала, Гагра араион инхо, ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа аҳамҭақәа риоуразы, афонд ахаҭарнак Слава Сақаниа иҽимардарц рылшоит.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.