Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
15/06 2016
Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла инхо Гита Смыр, ааҩык ахшара дрануп. Лыҧшәма Уанчка Занҭариа, шықәсқәак раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Лара лҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, 2013 ш. азы, Аҧсны аҳәынҭқарра, Агәӡера аҳабла игылоу аҩнеихагылаҟны, ҧшьуадак змоу ауадақәа лырҭеит. Лыхшара рахьтә иреиҳабу 17 ш. лхыҵуеит, иреиҵбу ҩышықәса, егьырҭ ашкол иҭоуп.
Гита Смыр, лыхшара рацәа рааӡараҟны илыҧгыло ауадаҩрақәа ыҟоуп. Лхәыҷқәа лыдкыланы дахьынхо аабатәи аихагыла аҟынӡа аӡыхьшәашәа халозаргьы, ирымам аӡыршы, аҽыкәабарҭа, амаҭәа ӡәӡәарҭа уҳәа. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, арепатриациеи адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи, абаниа аиқәыршәаразы, Гита Смыр, иаҭахәу амаҭәахәқәа зегьы лызнаргеит: аӡырҧхага, амаҭәаӡәӡәагатә машьына, иара убас ачаӡыга инаркны, анхара-анҵыраҿы лхы иалырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа маҷымкәа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, уи ахаҭарнакцәа зегьы, Гита Смыр ҭабуп ҳәа ралҳәоит, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иҟарҵо ацхыраарареи, агәцаракреи рзы. Иазгәаҭатәуп, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рзы, афонд имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гита Смыр лыхшара ааигәа ацхыраара шрыҭаз.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.